Аԥыза-министр Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусуаҩцәа аиҳаб ҿыц дыдирдырит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыцс Леонид Еныкь
Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыцс Леонид Еныкь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Артур Амқәаб Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыцс Леонид Еныкь иҟаҵаразы ақәҵара инапы аҵаиҩит ажьырныҳәа 27 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥыза-министр Артур Амқәаб Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусуҩцәа аиҳаб ҿыц Леонид Еныкь дыдирдырит ахәаша ажьырныҳәа 29 рзы.

"Сара иахьа дсыцны дааит зегьы ижәдыруа, Аԥсынра еицырдыруа ауаҩы Леонид Еныкь. Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыц иацакәым, иахьакәым Аԥсны азы аџьабаа маҷымкәа ибахьеит, дыҟан акультура аминистрс", — иҳәеит Амқәаб. 

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, аԥсуа телерадиоеилахәыра лыҵшәа бзиала аусура иабзоураны иаӡбарц зылшо азҵаарақәа рацәоуп.

"Ателехәаԥшреи арадиои шәусура иацышәҵеит, ԥхьаҟа шәцеит, иҟашәҵаз маҷӡам. Уи аҳәынҭқарра азыҳәа даара ибзиоуп. Ақәҿиарақәа ишәымоу наҟ-наҟгьы иацышәҵар ҳҭахуп, избанзар, шәара шәусқәа рыла, даараӡа ирацәоуп ишәҳасабуа азҵаарақәа". 

Артур Амқәаб ателерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыц дидныҳәалеит, иусураҿгьы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, аусуҩцәа зегь рахьгьы ааԥхьара ҟеиҵеит уи ивагыланы аус рурц.

"Сара сзы даара иуадаҩын ари аҩыза аӡбара. Сара арахь ԥышәа дук сыманы смааиӡеит, уи абра иҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ари атрадициа дуқәеи, амчра дуи змоу усҳәарҭоуп. Сгәы иаанагоит, маҷк иадымхаргьы, шәара шәыҩнуҵҟатәи шәҟазара, аус ахьыжәуа аиҿкаара аҟны, сызшәывагылозар, сызшәыцхраауазар насыԥны исыԥхьаӡоит", — иҳәеит Леонид Еныкь.

Леонид Еныкь диит рашәарамза 2, 1960 шықәсазы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа. 1975 шықәса инаркны 1979 шықәсанӡа, уи аҵара иҵон Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. 1988 шықәсазы далгеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа.

1988 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҟны рҵаҩыс аус иуан. Леонид Еныкь Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа дрылахәын. 1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабыс дыҟан. 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа акультура аминистрс аус иуан.


Ажәабжьқәа зегьы
0