Sputnik.Аԥсны қәҿиарала ихнаркәшеит апроект Sputnik.Аԥхьарақәа

Анапаҵаҩра
Хықәкы хадас Sputnik. Аԥхьарақәа ирыман адунеи зегьы аҿы ауаа реидкылара апоезиа ала, аԥсҭазаараҿы хадара злоу аганқәа зегьы уаҟа иаарԥшуп – абзиабара, аԥсҭазаара, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара аԥшӡара.

АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik апресс-маҵзура. Апроект Sputnik. Аԥхьарақәа Аԥсны ихыркәшоуп. Даара ирацәаҩны ахәаԥшцәа аиуит, зегьы реиҳа иахәаԥшит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа ивидео. Апроект аҿы иара убас рхы аладырхәит акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа, актиор Кьасоу Ҳагба, акоманда "Нарты из Абхазии" акапитан Ҭемыр Ҭаниа.

"Sputnik. Аԥхьарақәа абзоурала апоезиа иҿыцны аҽҳнардырит. Ацәаныррақәа рацәаны иҳазцәырнагеит. Sputnik егьырҭ аредакциақәа аестафета раҳҭоит, аԥхьарақәа ирыцҵахарц азы. Sputnik. Аԥхьарақәа ажәларқәа еиднакылоит, еизааигәанатәуеит, еиҳагьы еиӷьны еилибакаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Sputnik Абхазиа анапхгаҩы Инал Лазба.  

Sputnik. Аԥхьарақәа аестафета адгылара арҭеит аҭыԥантәи АИХ(СМИ). Sputnik. Аԥхьарақәа иара убас ашықәсҿыцазтәи Арт Маркет аҿы имҩаԥган. Sputnik. Аԥхьарақәа хыркәшауа, Sputnik Абхазиа аредакциа апроект рколлегацәа Sputnik.Армения аредакциаҿы аус зуа ирырҭеит.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны апоезиатә естафета хықәкны иамоуп ауаа ԥшшәырацәала еилаԥсоу абри адунеи аҟны реизааигәатәра. Убри азы ахархәара арҭоит адунеи зегь азы аҵакы змоу амалқәа – абзиабара, аԥсҭазаара, аԥшӡара зҵазкуа, иналукааша апоезиатә рҿиамҭақәа рыԥхьара. Апроект хацыркын Кыргызсҭан, 2015 шықәса хәажәкырамзазы. Иара рхы аладырхәит атәыла аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнакцәа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. 2015 шықәса нанҳәамзазы апоезиатә естафета Sputnik. Аԥхьарақәа ииасит Sputnik Молдова ахь. Уаҟа иара рҽаладырхәит жәлар рартист Константин Москович, ареспублика аҟазара арҿиаҩы Иури Хармелин, Ареспублика Молдова Аславиантә университет аректор Татиана Млечко, Гагаузиа ахада Ирина Влах.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәа. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0