Ҭарԥҳа Есма: уус бзиа ибаны уаназнеи, алҵшәа маиурц залшом

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕсма Ҭарԥҳа.
Есма Ҭарԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵаҩратә занааҭ иазҟазоу арҵаҩ қәыԥш Ҭарԥҳа Есма иаҳзеиҭалҳәеит имариам лусурахь агәыбылреи абзиабареи шлызцәырҵыз атәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа

— Шаҟа шықәса ҵуеи Есма бара Гал араион иаҵанакуа Ҷубырхьынџьтәи абжьаратә школ аҟны аус буеижьҭеи?  Насгьы ари ашкол ахь баара шԥаҟалеи?

— Сара, Ҷубырхьынџьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны уажәшьҭа фышықәса ҵуеит аус суеижьҭеи. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет саналга ашьҭахь, исыӡбеит Гал араион ахь аара, ара  аусура салагарц. Уи сара схала иаԥшьызгеит. Ауниверситет аҿы аҵара сыцызҵоз Ахра Кәакәасқьыр иоуп раԥхьа исабжьызгаз, иара уа аус иуан усҟан. Аиаша шәасҳәап, раԥхьаӡа санаа сшәазаргьы ҟалап маҷк. Аха, ахәыҷқәа рахь исымаз абзиабара аԥыжәара агазар акәхап, сҭаацәа ирамҳәаӡакәа сусура нап асыркит. Ҩышықәса аус анызу ашьҭахь, сцап ҳәа сазхәыцит. Аха, аҵаҩцәа рахь исоуз агәыбылра соунамыжьит. Исыхьҵәыуо иалагеит, исыҳәеит саанхарц. Нас саргьы аҽакала схы сзымҩаԥымгеит. 

— Есма, уадаҩрақәас, еихьӡарақәас бызлацәажәарц былшои?

— Сара аԥсуа бызшәеи алитературеи дсырҵоит. Ҵыԥх ауп ара ахәыҷбаҳчақәа анаадыртыз, убри аҟынтә ахәыҷқәа аԥышәа ҳәа акагь рымамызт, ирдыруаз зынӡа имаҷын. Аурыс бызшәа рыздыруамызт, сара рыбызшәа сзеилкаауамызт. Ахәыҷқәеи сареи ҳамчқәа еилаҳҵоит, ҳаицхыраауеит. Ргәы ацԥыҳәаны аҵара рҵоит. Даара еилыҷҷоуп, ирауҳәо шьҭыркаауеит.

 Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшрои?

— Ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа аҵаразы агәаҳәара рымоуп. Рҭаацәа уи абызшәа ахьырзымдыруа иахҟьаны, аҵара хымԥада ирцәыуадаҩуп. Аҭаацәа лассы-лассы ашкол ахь иаауеит, рхәыҷқәа абызшәа рҵарц рҭахыуп, Аԥсны ҳанхоит, ҳхәыҷқәа аԥсуа бызшәа рдыруазароуп, рҳәоит. Сгәы иаанагоит, аԥхьаҟа еиҳа агәыбылра роуеит ҳәа. 

 Мчыбжьык ахь шаҟантә аусура баауеи, ибцәыуадаҩӡами?

— Аҟәантәи ацара-аара даараӡа иуадаҩуп. Схатә машьына сымаӡам, амаршруттә такси ала саауеит. Ашьыжь асааҭ жәба рзы Гал сыҟоуп, хәба рзы, ахәылбыҽха аҩныҟа Аҟәаҟа  схынҳәуеит. Имариаӡам нас урҭқәа, аха аџьабаа мбакәа акагь ҟалом. Аколлектив даара ибзианы срыдыркылоит. Ҳаилибакаауеит арҵаҩцәагьы, аҵаҩцәагьы. Сара схатә хәыҷқәа ракәушәа исзааиуеит. Ари ашкол аҟны 200 рҟынӡа ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Ҷубырхьынџь, зынӡа ҩ-школк ыҟоуп. 

 Амаҭәарқәа рырҵаҩцәа зегь шәымоума?

— Ааи, арҵаҩратә еилазаара ишақәнаго еиԥш ишьақәыргылоуп. Амаҭәарқәа зегьы ирхысуеит, еиԥҟьара ыҟаӡам. Аԥсны аҵара аминистрра, Гала араион администрациа ҳадгылоуп, иҳацхраауеит. 

— Есма, бара аҵара дырра ус аҟны бҟазара алкааны, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аҳамҭа бананашьеит. Ишԥабыдыбкылеи?

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕсма Ҭарԥҳа
Есма Ҭарԥҳа - Sputnik Аҧсны
Есма Ҭарԥҳа

— Сара уи даара сеигәырӷьеит. Сус ашҟа еиҳагьы аҭакԥхықәра сыднаҵеит. Аиаша шәасҳәап сақәгәыӷуамызт. Уи азы даара ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп афонд хадара азызуа Сенер Гогәуа, иара убас, афонд аусзуцәа зегьы. Сыԥсҭазаара зегь аҵакы-аҵара зсырҵо сҵаҩцәа роуп. Уус бзиа ибаны уаназнеи, алҵшәа маиурц залшом. 

 Иҭабуп Есма ҳаиҿцәажәаразы, аихьӡарақәа бзеиӷьасшьоит бусураҿы.   


Ажәабжьқәа зегьы
0