АҞӘА, жәабран 4 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Анти Турунен. Женеватәи аиԥыларақәа аҵак ду рыманы иҟоуп аганқәа дасу рхатәы гәаанагареи рхатә позициеи шрымоугьы, иҳәеит аиԥылараан Рауль Ҳаџьымба.
"Ҳара ҳзы аҵакы аманы иҟоуп иҟоу аплошьчадкақәа рҟны ҳпозициа наагартә иахьыҟоу. Женеватәи аиҿцәажәарақәа уи аҩыза алшара ҳарҭоит. Убри аамҭазы иҟоуп аҽа ганкгьы. Ҳара еснагь иҳарҳәоит ԥхьаҟагьы аицәажәара ишазыхио иара убри аамҭазы аҭагылазаашьа еиӷьхеит ҳәа ҳазҳәо иҟам", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаа Европа рнеи-ааира азҵаареи агуманитартә усхк аҟны ареспубликатә документқәа разхаҵара иадҳәалоу азҵаареи рпроблема ӡбымкәа иаанханы ишыҟоу.
"Арҭ азҵаарақәа аӡбра роуроуп. Урҭ аполитика радҳәалара аҭахны иҟаӡам. Аԥсны атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәара азҵаарагьы аӡбра аиуроуп", — иҳәеит атәыла Ахада.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа еиҳа иуныруа иҟазароуп ҳәа, иаҳҳәап амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра ақырҭуа ган макьанагьы анапы аҵанамҩыцт.
"Сара Аԥсныҟа сахьеиҭахынҳәыз агәырӷьара ду снаҭоит. Сынтәатәи ашықәс азы раԥхьатәи визитуп. Агәыӷра сымоуп ООН амчрақәеи Аԥсны амчрақәеи рыбжьара аусеицура иацҵахап ҳәа. Ҳара ҳахәаԥшит Женеватәи аиҿцәажәарақәа хра рыманы иҟоуп ҳәа ахьазгәашәҭо аҳәамҭа, уи агәахәара ду ҳнаҭеит. Иара убасгьы ҳазхәыцит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу ауадаҩрақәа иҿыцу азнеишьақәа рҭахны иҟоуп ҳәа ишәҳәаз", — иҳәеит Анти Турунен.
Турунен аҽазныкгьы дақәшаҳаҭхеит Аԥсны Ахада игәаанагара – апроблемақәа рыӡбра азнеишьа ҿыц аҭахны иҟоуп ҳәа ахьазгәаҭо.
"Ацхантәаҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит аусура ԥхьаҟа аҿиара аиурц азы аметод ҿыцқәа рыԥшааразы", — иҳәеит Турунен.
Иара убасгьы иациҵеит ивизит иахықәкы хаданы иҟоу аԥсуа ган апозициа азыӡырыҩра шакәу.