Агәмаа: асценаҟны еснагь иџьоушьаша ҿыцрак ааирԥшуан

Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа дихцәажәоит Аԥсны АССР зҽаԥсазтәыз артист, адраматә театр актиор Амиран Ҭаниа. Иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 81 шықәса.

Амиран Ҭаниа — уаҩык, ҩызак, коллегак иаҳасабла дуаҩы ҳаракын. Иактиортә ҟазара шаҟа иҳаракыз ааҟара, иуаҩрагьы убас иҭбаан. Амиран изыҳәан егьа уҳәаргьы имаҷуп, — ҳәа дылгәалалыршәоит акыр шықәса инеиԥанкыланы аус ицызуаз иколлега Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа.

"Иара ԥсабарала илаз аҟазара рацәан,арепетициақәа раан, асценаҟны еснагь иџьоушьаша ҿыцрак ааирԥшуан. Иара иҟазара амҽхак ҭбаан, ишьахәны инаигӡон акомедиатәи, атрагедиатә, алирикатә жанрқәа рыла иқәдыргылоз аспектакльқәа рҟны ирольқәа. Амиран Ҭаниа атеатри акинои рақтиорра адагьы, иара ҟаимаҭла дшәаҳәон дкәашон, ибзиаӡаны идыруан аҧсуа музыка- ахореографиатә фольклор. Партниорк иаҳасабла дманшәалан, дымҩақәҵагаҩын", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Амиран иҟамзаара ҳабжаны ҳҟанаҵоит, дҳагуп цәгьала. Иҟамзаара атеатртә ԥсҭазаара ӷәӷәала ианыԥшуеит- ҳәа ацылҵеит уи.

Аԥсны АССР зҽаԥсазтәыз артист, адраматә театр актиор Амиран Ҭаниа ирҿиаратә мҩаҿы инаигӡеит хкы рацәала арольқәа. Актиор иаҳасабала ахәаԥшцәа дырдыруеит "Белый башлык", "Сувенир", "Зимний вечер в Гаграх" афильмқәа рыҟны инаигӡаз арольқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0