АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Еиуеиԥшым ажанырқәа рыла ицәырго — абжьы лабҿаба абара улзыршо, агәалашәара аформақәа аазырԥшуа авидео уҳәа аскульптурақәа ықәыргылахеит Аҟәа, арҿиаратә цәыргақәҵа "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа" аҟны жәабран 9 рзы, Аҟәа.
Абри амш аҽны Аҟәа иаатит тематикала еиԥшымыз ацәыргақәҵақәа ҩба. Ацәыргақәҵатә зал аҟны иқәыргылан 32 сахьаҭыхыҩ рырҿиамҭақәа, егьи, "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа", азал "Склад" аҟны имҩаԥысыз еиднакылеит швеицариатәи асахьаҭыхыҩцәа быжьҩык.
Аԥсны Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа дазааҭгылеит ацәыргақәҵа "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа".
"Иарбанызаалак Аԥсны имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа сара сзы ныҳәак еиԥшуп. Аиҳаракгьы арҭ ахҭысқәа ишьақәгылан иҟоу адунеихәаԥшышьақәа аныԥдырго. Ҳара ҳрышьцылахьеит аклассикатә цәыргақәҵақәа. Араҟа иаабо, иаразнакы аилкаара уадаҩхоит. Сара исгәаԥхоит аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи ргәымшәара, рхаҵара", — иҳәеит Кәабахьиа.
Ажурналист Надежда Венидиктова иаҳзеиҭалҳәеит "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәеи" Аԥсни еидызкыло ҳәа илбо.
"Иҟалап ирацәаҩызар изызцәырҵуа абасеиԥш иҟоу азҵаара: еидызкылозеи "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәеи" Аԥсни ҳәа. Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа иахьа ирыӡбаз акакәны иҟаӡам. Ҳаамҭазтәи аҟазарагьы интеллектуалтә хәмарроуп. Аԥсуа мифологиаҟны иуԥылоит хкырацәала ахаҿсахьақәа, ажәытәангьы аинтеллектуалтә хәмаррақәа шыҟаз шьақәзырӷәӷәо", — лҳәеит ажурналистка.
Ацәыргақәҵа "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа" мҩаԥысуеит жәабран 9-20 рзы, Аҟәа, акультуратә центр "Склад" аҟны.