АҞӘА, жәабран 10 — Бадраҟ Аҩӡба. Қырҭтәыла атәылауаҩ аҳәынҭқарратә ҳәаа дахысны Аԥсны аҵакырадгьыл ахь дҭалеит Аԥсны атәылауаҩ ишьразы, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Жәлар Реизара адепутат Фазылбеи Аҩӡба.
"Аҳәынҭқарратә ҳәаа дахысны Гагра днеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Гәымба дыԥшааны игәыҵҟьа аҳәызба алеиҵеит", — иҳәеит адепутат.
Адепутат иажәақәа рыла ахәра зоуз иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.
"Ааха зауз ахәышәтәырҭахь днаргеит, ашьра зыгәҭакыз даанкылоуп, ашьаусҭҵаара хацыркуп", — иҳәоит Аҩӡба.
Иара убасгьы иаҳзеиҭеиҳәеит Апарламент аҟны лассы-лассы ишымҩаԥысуа амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа рԥылара. Аиԥыларақәа рҟны ирылацәажәоит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҟны ахылаԥшра ӷәӷәа аҭахны ишыҟоу.
"Аԥсны мрагыларатәи аҳәаа еснагь агәҭынчымра ҳазцәырнагоит. Араҟа аҭыԥ рыманы иҟоуп еиуеиԥшым адиверсиатә актқәа, ауаҩшьрақәа, ауаа рымҵарсрақәа", — иҳәеит адепутат.