АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. 2016 шықәса жәабран 10 рзы изаамҭанытәиу Жәлар Реизара аилатәараҟны иалырхит аӡбаҩцәа. абри атәы аҭыԥаҟынтәи иаҳзаалыцҳаит ҳкорреспондент.
Изаамҭанытәиу Жәлар Реизара аилатәараҟны Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩыс далырхит Белла Хасиаԥҳа.
"Аԥышәа змоу ӡбаҩуп. Лкандидатура адгылара аҳҭоит", — иҳәеит адепутат Валери Агрба.
Бела Хасаиаԥҳа 1994 шықәса раахыс аус луеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҟны. 2008 шықәса рзы далхын Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс.
Иара убасгьы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп Ада Касланӡиаԥҳа. Дмитри Гагәылиа далхуп Арратә ӡбарҭа аӡбаҩыс.
Ада Касланӡиаԥҳа 2006 шықәса рзы Аԥсны Апрокуратура хадаҟны аусура далагеит. 2010 шықәса рзы Апрокуратура хада ашьаусӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. 2011 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.
Дмитри Гагәылиа диит 1976 шықәса рзы. Башаран-колледж даушьҭымҭоуп. 2001-2011шш. рзы аус иуан Аԥсны арратә прокурор ицхырааҩыс. Иара убри ашықәс, хәажәкырамзазы далырхит Арратә ӡбарҭа аӡбаҩыс.