Аҟәатәи аныхабааҟны аҵара хнартуеит амҽышатә школ

© Sputnik Томас ТхайцукАуахәама.
Ауахәама. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи амҽышатә школ аатуеит Аҟәатәи акафедралтә ныхабааҟны жәабран 14 рзы. Араҟа ахәыҷқәа ақьырсиан дин ахыҵхырҭақәа ддырдыруеит, имҩаԥыргалоит ауахәаматә шәақәа дырҵара, асахьаҭыхра.

АҞӘА, жәабран 12 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Раԥхьатәи амҽышатә школ аатуеит Аҟәатәи акафедралтә ныхабааҟны жәабран 14 рзы. Араҟа ахәыҷқәа ақьырсиан дин ахыҵхырҭақәа ддырдыруеит, имҩаԥыргалоит ауахәаматә шәақәа дырҵара, асахьаҭыхра. Абри атәы ҳаиҳәеит аиеромонах Давид (Ӷәазаа).

"Аҵара мҩаԥысуеит 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы, мҽышала, Анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь", — иҳәеит аб Давид.

Араҟа ахәыҷқәа ақьырсиан дин ахыҵхырҭақәа ддырдыруеит, имҩаԥыргалоит ауахәаматә шәақәа дырҵара, асахьаҭыхра.

"Иаабац аҵараиурҭақәа рҟны аиԥш акәымкәа араҟа адоуҳа иазку амаҭәарқәа роуп иддырҵо. Раԥхьа иргыланы Анцәа Иажәа. Араҟа ахәыҷқәа ақьырсиан дин ахыҵхырҭақәа ддырдыруеит, имҩаԥыргалоит ауахәаматә шәақәа дырҵара, асахьаҭыхра, аҟазара, ауахәама-славиантәии аԥсуа бызшәеи рыла аматанеирақәа рҵалоит", — иҳәеит иара.

Аныҳәамшқәа раан иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны ауахәамақәеи аҭыԥ ԥшьақәеи рахь ахәыҷқәа рыманы аныҟәарақәа.

Амҽышатә школ аҟны аҵаратә процесс мҩаԥысуеит сааҭки бжаки рҟынӡа. Ахәыҷқәа адоуҳатә дыррақәа рызнаргалоит Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа амаҵзуҩцәеи Аԥснытәи адоуҳатә ҵараиурҭа астудентцәеи арегентцәа руаӡәки.

Ажәабжьқәа зегьы
0