Руслан Ладариа: хадара злоу акакәны иҟоуп араион ӡыла аиқәыршәара

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ладариа
Руслан Ладариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан хадара злоу, акрызҵазкуа хҭысқәас Гәдоуҭа араион аҟны 2015 шықәса иалагӡаны имҩаԥысаз, насгьы, ашықәс ҿыц азы араион анапхгара рыгәҭакқәа аилкааразы Sputnik акорреспондент диҿцәажәеит Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Рада Ажьиба.

- Гәдоуҭа араион еиднакылоит 20-қыҭа, дара зегьы ирымоуп апроблемақәа рацәаны. Иарбану еиҳа ацхыраара зҭаху ақыҭақәа?

— Зегь раԥхьа иргыланы иҳаҩсаз ашықәс азы хықәкыла аус рыдаҳулон араион ақыҭақәа. Избан акәзар, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ирыхәҭоу ацхыраара рмоуижьҭеи акыр ҵуан. Иааидкыланы, аԥсуа қыҭақәа еицырзеиԥшу апроблемақәа роуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәагьы ирымоу. Урҭ рахь иаҵанакуеит: амҩақәа, аӡымҩангагатә цәаҳәақәеи, афымцатә шьаҟақәеи рыԥсахра, уҳәа ирацәаны. Дәрыԥшь, Лыхны, Оҭҳара, Ҟәланырхәа, Бармышь ақыҭақәа рыҟны ҳабла –ҳаблала амҩақәа зынӡа иахьыцәгьаз иҟаҵан, џьара-џьара аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ԥсахын. Аацы ақыҭа аҟны иахьагьы, ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы мҽхакы ҭбаала аусурақәа цоит, иара убас ақыҭа акультуратә хан ахыбра аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Иааиуа ашықәс азы Аацы ақыҭа зегьы ӡыла еиқәҳаршәоит. Аҷандара ақыҭа атехника азааҳхәеит: атрактори, аҭыжаагеи, Бармышь ахәыҷқәа ашкол ахь изланыҟәарго амашьына. Ажәакала, ақыҭақәа рҟны ирацәаны арҽеиратә усурақәа нагӡан. Араион ашколқәа жәпакы рҟны аԥенџьырқәеи ашәқәеи ԥсахын, ахәыҷбаҳчақәа рзын акаруаҭқәа аахәан. Ахәышәтәырҭа азыҳәан амашьына ласы, иара убас асанитартә-епидиамиологиатә маҵзура ахыбра аҟны аремонттә усурақәа ирҿуп.

- Зегьы иргәалашәоит, шаҟа ипроблема дууз, Аацы ақыҭан амшын аԥшаҳәаҟны ауааԥсыра агәам-сам ахькарыжьоз аҭыԥ, уи даараӡа аекологиа иаԥырхагоуп ҳәа азгәарҭон. Ари азҵаара ҵарны иқәгылан, иахьазы ахаҵгылара абанӡамоу?

— Ари апроблема зегьы раԥхьа иргыланы хырԥашьа амҭақәа иӡбатәу акы акәны иҟоп. Азҵаара ишыҵару еиԥш ԥсахрада ус иҟоуп иахьагьы. Агәам-сам ахьыкаҳажьуа иазыԥҵәоу, даҽа ҭыԥк ҳзалымхӡацт. Егьырҭ араионқәеи ҳареи иаҳзеиԥшны агәамкаԥсарҭа аԥшаара уадаҩхеит. Ари араион мацара азы акәым ареспубликазгьы ипроблема дууп. Иахьазы агәамеизакырҭа аҟаҵараз апроект аиҳабыра ирыдгалоуп, иақәшаҳаҭхар хәҭакахьала азҵаара ӡбахон.

- Ақалақь ахаҭа аҭагылазаашьа ҳалацәажәап. Издыруеит аканализациеи, амҩақәеи, аӡи, алашареи, ақалақь иалоу арахәи, аҽқәеи ишыпроблема дуу араион иаланхо зегьы рзы. Ишԥашәыӡбо арҭ ауадаҩрақәа?

— Ақалақь аҩнуҵҟа, ақәша-мықәша ауадаҩракуа рацәоуп. Арахәи, аҽкәеи рыдагьы, шьоукы акәткәеи ашәашәиқәеи нҵангьы ирымоуп, дара ишырҭаху ақалақь иалоуп. Арахә раанкылараз иҳалшо ҟаҳҵоит, аха алҵшәа амам. Ауаа рыхдырра иазеилкаауам ақалақь аҟны ас ишыҟамло, кыҭақ аҿы инхозшәа рхы мҩаԥыргоит. Абарҭқәа зегьы дара еилыркаауазар ауп. Зны-зынла аԥшәмацәа арылабжьаратә процесс анырзымҩаԥырго ыҟоуп. Исҭахыуп еилыркаар анапхгара рымацара зегьы шырзыҟамҵо, ари апроблема аӡбара аҟны аивагылареи, аилибакаареи хымԥадатәиуп. Иӡбоуп, Араионтә Еизара аԥҟара рыдыркыларц, ақалақь иалоу арахәи аҽқәеи аԥшәмацәа ахараԥсара рықәҵара, абас иҟоу аметодқәа ахархәара ҳҭахымзаргьы — ҳақәшәеит. Егьырахь, ақалақь аҩнуҵҟа быжьба-ааба мҩаду ҳарлашартә аҭагылазаашьа ҳауит, иахьагьы иацаҳҵоит урҭ аусурақәа. Ауаажәларратә шәарҭадара ҳазхәыцны, ақалақь аҩнуҵҟа акамерақәа ықәҳаргылеит. Иаҳгәиҭоуп, Урыстәыла аҳәынҭқарра иҟанаҵо афинанстә цхыраара ҳхы иархәаны аканализациақәеи, аӷәраҵақәеи ррыцқьара, аҩны аихагылақәа рхыбрақәа рыԥсахра.

- Гәдоуҭа иамоуп аиашьаратә-қалақьқәа жәпакы: Сланцы, Бандырма уҳәа, дареи шәареи шәеимадара шԥаҟоу?

— Аиашьаратә қалақьқәа ртәы ҳҳәозар, ииашоуп ирацәоуп, аха аимадара маҷуп. Ҭыркәтәыла иҟоу ақалақь Бандырма анапхгареи ҳареи ҳаиҭаныиааихьеит, ҳара маи мзазы ҳаҟан, дара октиабр мзазы иаҳҭаиит, Аҳәынҭқарра ахадагьы идикылеит. Аусеицуразы ҳгәы иҭақәаз рацәан аха, иахьа, иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, иаанкылоуп. Нурлат ақалақь ахь ааԥхьара сыман, сыҟан уа, даргьы иаараны иҟоуп. Иаҳҭахуп аҿар еиҭанаиааир, уахьынтә ахәыҷқәа ԥсшьара ҳәа иааир арахь, ҳара ҳҿынтә уахь ицар, акыр рбар ираҳар. Урҭ аусқәа рынагӡараз аицәажәарақәа мҩаԥаагоит.

- Афон Ҿыцтәи аҳаԥи, Риҵатәи амилаҭҭә парки араион абиуџьет иахыраԥхьаӡало аԥарақәа ақалақь иабанӡацхраауеи?

— Иҳаҩсаз ашықәс ҿыц азы, Риҵатәи амилаҭтә парки Афон Ҿыцтәи аҳаԥи ҳшымӷәыӷӡоз, ҳбиуџьет даараӡа иацхрааит. Абарҭ аԥарақәа рылоуп ишацаҳҵаз аҳақьымцәеи, арҵаҩцәеи уҳәа рыулафахәы. Урҭ аԥарақәа ақалақь ашьҭыхраз инаҳхыртә еиԥш аҭагылазаашьа зыҟамлеит. Урыстәылатәи афинанстә цхыраара ианаамҭаз, ишахәҭаз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны изымааит, убри аҟнытә аԥарақәа аулафахәы ашьҭыхраз иҳашьҭит. Егьа ацәажәара ахылҿиаазаргьы ари афакт уаҩы иимҵәахит, шьоукы азҵаарақәа рымазар уи аҵыхәала ҳахиоуп аҭак аҟаҵара.

- Ҩ-хәыҷбаҳчак реиҭашьақәыргыларатә усурақәа хырқәшаны ус игылоуп, агәынамӡара аадырԥшуеит аҭаацәарақәа, ианбаартхои ахәыҷбаҳчақәа?

— Ахәыҷбаҳчақәа ҩба реиҭашьақәыргыларатә усурақәа хырқәшоуп, аха инагӡаны иагу иабзоу ҟаҵам, аӡи афымцеи неиртә аҟаҵара напы аркыуп. Иаарласны ихырқәшаны аусура иалагап ҳәа сгәыӷуеит. Ахәыҷбаҳчақәа рызҵаара зегьы ргәы иҵхоит. Аҩ-хәыҷбаҳчак ааҳартыргьы иҳазхаӡом. Уаанӡа, ацәажәарақәа цон ақыҭа дуқәа Лыхны, Дәрыԥшь, Аҷандара ахәыҷбаҳчақәа рыргылараз – алацәажәараз ҳалацәажәеит, аха еиҳа хадара злоу апроблемақәа ыҟоуп ақыҭақәа рыҟны, насгьы иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷбаҳча аргылара аҳарџь рацәаны иаҭахыуп, уи макьана иҳалшаратә ҳаҟам.

- Араион аҟны ирацәоуп аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа, урҭ рхыԥхьаӡара наӡоит 358 рҟынӡа. Дара рырбгаразы афактқәа ыҟан изныкымкәа, иахышәҳәаауеи ари азҵаара?

— Араион аҟны аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа 358 баҟа ыҟоуп. Ааигәа ирхыбгалаз, аҭыӡшәа зхылҿиааз еиԥш егьы баҟа ԥхасҭартәхьеит араион аҿы, ақалақь Афон Ҿыц налаҵаны. Ақалақь агәҭа игылоу ахыбрақәа зегьы реиқәырхара аҭахуп, асааҭқәа ахькыдоу рыла ҳалагеит. Архитектура аиқәырхара ауп хшыҩзышьҭра ду зҭаху. Акультуратә ҭынхақәа реиқәырхара шаҭаху ахәыҷқәагьы ирылааӡатәуп, азнеишьа ҷыда аҭахуп.

- Мызқәак рышьҭахь иааиуеит аԥхынра. Акурорттә сезон аҽазыҟаҵараз анхарҭа-коммуналтә усбырҭа аусзуҩцәа ауснагӡатәқәа ҳәа акыр мҩаԥыргома?

— Акурорттә сезон аҽазыҟаҵара еснагь ҳаҿуп.Ҵыԥх иааҳхәеит арыцқьарақәа рыҟны ҳҳы иаҳархәо атехника чыда, иахьазы амшын аԥшаҳәеи, апаркқәеи ррыцкьаразы, ақалақь ахаҿра арԥшӡарази аусурақәа мҩаԥысуеит. Ҳусурақәа шцо ала сгәыӷуеит, ҵыпх ацкьыс сынтәа еиӷьны ҳаԥылап ҳәа акурорттә аамҭа.

- Ҳазҭалаз ашықәс азы гәҭакқәас ишәымеи, ахшыҩ зышьҭра ду аҭаны аус здыжәулои?

— Иҳаҩсыз ашықәс азы напы зҳаркыз аусурақәа ирыцаҳҵоит, инаҳагӡоит. Иара убас, Гәдоуҭа араион администрациа аофициалтә саит аусура алагара гәҭакыс иҳамоуп, агәра ганы сыҟоуп уи иаарласны аусура ишалаго. Ақалақь анапхгара зҿу, рнапы злакыу аинформациа ареспублика аҟни, уи анҭыҵи ирдырырц, уҳәан сҳәан ҟамларц, ажәлар ирдыруаз ауп. Амшын аԥшаҳәа ублаҿ иааиртә еиԥш аҟаҵареи, ақалақь ахаҿра аиҿкаареи уҳәа ирацәаны агәҭакқәа ҳамоуп, аха сара сзы ихадаратәу акы акәны иҟоуп, араион зегьы ӡыла аиқәыршәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0