Захарова: Украина иҟазаарц ирҭаху ауп иҟоуп ҳәа ззырҳәо

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Инал Арӡынба Украина аҵакырадгьыл аҟны дшыҟоу шьақәыргылахар, азинхьчаҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит иара иаанкыларазы, иҳәеит Украина Ахада Иусбарҭа ахаҭарнак Андреи Лысенко.

АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова ахҳәаа азылуит украинатәи амчрақәа Инал Арӡынба даанаҳкылоит ҳәа иҟарҵаз аҳәамҭа.

Украинатәи АИХ (СМИ) ишаарыцҳауа ала Украина Ахада Иусбарҭа ахаҭарнак Андреи Лысенко аҳәамҭа ҟаиҵеит, Арӡынба Украина аҵакырадгьыл аҟны дшыҟоу шьақәыргылахар, азинхьчаҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит иара иаанкыларазы ҳәа.

"АТО" (антитеррористическая операция) амҩаԥгара Андреи Лысенко иҩыза инапы иахьану Донбасстәи аополченеццәа рзы акыр иманшәалоуп. Акыр иманшәалоуп иара Инал Арӡынба изгьы. Уи, Украина иԥшаара ишаҿугьы изымдыруа, москватәи аресторанқәа руак аҟны уаххьа ифоит" ҳәа Facebook адаҟьаҟны илҩит Мариа Захарова.

Ииасыз ашықәс анҵәамҭазы Одессатәи аобласт агубернатор Михаил Саакашьвили Сурков ахара идиҵеит 2014 шықәса рзы Маидан имҩаԥысуаз ахҭысқәа дрылахәуп ҳәа. Азинхьчаратә органқәа Сурков ицхырааҩ Инал Арӡынбагьы Украина амилаҭтә шәарҭадара ҵишәаауеит ҳәа ахара идырҵеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Суркови Киевтәи ахҭысқәеи реидҳәалара ҵакыдароуп ҳәа азырҳәеит, уаҟа, азинҭҵааратә органқәа Маидани, Одессеи, Мариуполи ауаа рҭахара ҭырҵаара еиҳа ирзеиӷьуп амцԥаршеиқәа реиқәырҽаҽара ацынхәрас ҳәа иазырыԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0