АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Иахьазы, ИУНИСЕФи егьырҭ Аԥсны аус зуаз аекспертцәеи иазырыԥхьаӡоит агәабзиарахьчара асистема шыҟоу ала аус азуам ҳәа. Абри атәы аиԥылараан иҳәеит ИУНИСЕФ ахаҭаранак Андреи Тулисов.
Тулисов иажәақәа рыла иус хаданы иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи еиҳа еизааигәаны русеицуроуп.
"Ҳара иҳалшон, иҟоу аресурсқәагьы ҳрызхьамԥшыкәа, иҵегьы аусура хра аманы аҟаҵара. Аиҿцәажәара ахьҳалымшаз, ҳхырхарҭа ахьаҳзалымкааз ҳалшарақәа ланарҟәит, ишаҳҭахыз еиԥшгьы аус ҳзеицымуит", — иҳәеит ИУНИСЕФ ахаҭаранак Андреи Тулисов.
Тулисов иажәақәа рыла алҵшәа бзиақәа роуразы ихымԥадатәиуп агәабзиарахьчара асистемаҟны аԥсахрақәа ралагалара. Абри аганахьала ИУНИСЕФ иалшо абжьагарақәа рыҟаҵара мацароуп.
"Раԥхьаӡа акәны арахь иаауа аекспертцәа иџьаршьоит, асеиԥш иҟоу аҵакырадгьыл маҷ аҟны хра аманы иаарласны алҵшәа бзиақәа уоуртә иахьыҟоу. Аха, ианцо ргәы рыхьуеит, избанзар аҩныҵҟатәи аилибамкаарақәа ирыхҟьаны иахәҭоу асистема ашьақәыргылара ахьзалмыршахаз азы", — иҳәеит Тулисов.
Агәабзиарахьчара аминистрра акыр шықәса ҵуеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ИУНИСЕФ, World Vision аус рыцыруеижьҭеи. ИУНИСЕФ Аԥсны аус ауеит 20 шықәса инарзынаԥшуа. Иара ацхыраарала иаԥҵоуп анреи ахәыҷреи рыцхыраара апрограмма, зылшара маҷу ахәыҷқәа рыцхыраара апрограмма. Иаԥҵоуп адыррақәа рбаза.