Аӡымҩангага обиектқәа 20 аремонт рзуразы аиндаҭлара рылаҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАремонти, аиҭашьақәыргылареи, аргылареи рганахьала аилаӡарақәа рыдкыларазы акомиссиа аилатәара.
Аремонти, аиҭашьақәыргылареи, аргылареи рганахьала аилаӡарақәа рыдкыларазы акомиссиа аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, жәабран 17 рзы имҩаԥысит аремонти, аиҭашьақәыргылареи, аргылареи рганахьала аилаӡарақәа рыдкыларазы акомиссиа аилатәара.

АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аӡымҩангагатә обиектқәа 20 ркапиталтә ремонти реиҭашьақәыргылареи рзы ирылаҳәоуп аконкурс. Абри азы аӡбра рыдыркылеит ахаша, жәабран 17 рзы Аекономика аминистрраҟны.

Аԥсны аӡымҩангагатә обиектқәа ркапиталтә ремонти реиҭашьақәыргылареи мҩаԥгахоит 2015-2017шш. рзтәи аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

"Аинвестициатә программа аганахьала аԥаразоужьра иазыхиоу алотқәа роуп зыӡбахә ҳамоу" — иҳәеит Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ахра Арсҭаа.

Акапиталтә ремонти аиҭашьақәыргылареи рзы аконкурс иалахәхоит Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи араионқәа.

Ахра Арсҭаа иажәақәа рыла алотқәа Шәача ақалақь аҟны аекспертиза иахыгахеит.

"Аекспертиза ашьҭахь ауп урыстәылатәи аган аргыларатә обиектқәа аԥара анырзоурыжьуа. Аекспертиза иахыгам аобиектқәа рзы алотқәа рықәыргылара хшыҩдоуп" — иҳәеит иара.

Алотқәа анрыларҳәа ашьҭахь анардатә еиҿкаарақәа 15-мшы рымоуп адокументқәа реизгаразы. 15-мш рышьҭахь акомиссиа иалнакаауеит аусурақәа мҩаԥызгарц зылшо аиҿкаарақәа.

Акомиссиа алахәыла, Апарламент адепутат Беслан Ҵнариа иазгәеиҭеит аԥыжәара шроуа ареспубликаҟны иҭрыжьуа аргыларатә материалқәа аазхәо аиҿкаарақәа.

"Ирацәаҩуп ареспублика анҭыҵ аргыларатә материалқәа аазхәо, аха ҳара аԥыжәара раҳҭоит урҭ Аԥсны иаазхәо аиҿкаарақәа, иаҳҳәап, Гәдоуҭа аус ауеит ицәгьамкәа атрубақәа ҭзыжьуа азауад", — иҳәеит Ҵнариа.

Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ахра Арсҭаа ари ажәалагала дадгылеит.

Аргылара-монтажтә усурақәа рыхәԥса иартәоит 71 миллион 424 нызқь мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0