Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа: "Мцы-мца"

Анапаҵаҩра
"Мцы-мца" аԥсуа милаҭтә хәмарра аҷкәынҵәа рзын

Алахәылацәа: 10-16 шықәса ирықәу аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хәмаруеит. Рхыԥхьаӡара ԥкым.

Ахәмарцәа ҭыԥс иааныркыло: Ахәмарцәа ҩ-гәыԥкны (командакны) рыҽшаны игылоит 20-30 метра зхышәа-ҵышәа ыҟоу аҭыԥ иахьаҵанакуа (мамзаргьы ахәмарыҩцәа ишьақәдыргылоит ирҭаху ахышәа-ҵышәа).

Ахәмарраҭыԥ еиҟароу ҩ-хәҭакны ахылаԥшратә цәаҳәала ишоуп. Аганахьалагьы зхысра ҟамло ацәаҳәақәа ҩба алгоуп. Ахәмарра хацнаркуеит ҵәҭаԥсарала иалкаахаз акоманда. Иара ахәмарыҩцәа руаӡәк ахылаԥшратә цәаҳәахьы днеины ҭаалымк ҟаҵаны, ацәаҳәа дахысуеит, нас ишьҭахьҟа даақәҵәины дыҩуеит. Ахәмарыҩ ацәаҳәа дшахысҵәҟьаз егьи акоманда ахәмарыҩцәа руаӡәык иҭыԥ дахҟьаны, дыҩны дишьҭалоит дикырц (дикьысырц). Дизкыр (дихькьысыр) "диҭҟәоит", иара итәқәа рахь дигоит. Абри ашьҭахь уи акомандаҟынтәи ахәмарыҩ актәи ахәмарыҩ еиԥш ахылаԥшратә цәаҳәахьы днеиуеит. Абас ахәмарыҩцәа зегьы аӡәаӡәала рҽеиҭаркуеит. Акоманда, "аӷацәа" рҟынтәи 70 процент тҟәаны изгаз ииаиит ҳәа иԥхьаӡоуп. Дахашәаланы хәмарҩык дынхар — еиқәшаҳаҭрала акомандақәа руак далахәны дыхәмарлоит анаҩсгьы.

Ахәмарра аԥҟаррақәа: ахәмарыҩ дрыҭҟәеит ҳәа дыԥхьаӡоуп ишьҭаз инапы изаанкылар мамзаргьы ицәеижхәҭак дахьысыр. Ахәмарыҩ ахылаԥшратә цәаҳәа иҩшьапык рыла дахысроуп. Уи убри ацәаҳәа иҩшьапык ахигаанӡа уишьҭаланы аҩра ҟалом. Данаанукыло акәзар шьапҿаршәа ҟауҵар ҟалом, уисыргьы азин умам. Иара убасгьы азин ыҟам ахәмарраан аганахьтәи ацәаҳәақәа рхысра.

Аметодикатә рбагақәа: ахәмарра еиҳарак ишьақәгылоуп аҩра аелиментқәа рыла. Аҩра адагьы ахәмарыҩцәа аццакра рылазароуп, агәҽанызаара аадырԥшуазароуп. Азин ыҟоуп ахәмарырҭаҭыԥ аура иацуҵар. Акоманда аԥыжәара ахәмарыҩцәа иццакны рыҩроуп изхьыԥшу.

Ажәабжьқәа зегьы
0