Арӡынба: авизақәа ралагалара аекономикатә еффект амоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба
Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иҳәеит Аԥсны авизақәа ралагалара аекономикатә еффект аманы ишыҟоу

АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны авизақәа ралагалара хра змоу аекономикатә еффект аҟаҵара алнаршоит, ҳәа ҳаиҳәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Аԥхьаҵәҟьа авизақәа ралагалара аусутә мчқәа армаҷыр алшоит, аха нас, ԥхьаҟазы даара хра змоу аекономикатә еффект шьақәнаргылараны иҟоуп", — иҳәеит Арӡынба.

Аминистр иажәақәа рыла авизатә режим алагалара иалнаршоит абиуџьет ахарҭәаара, Аԥсны ауааԥсыра аусурҭа ҭыԥқәа рыҭара.

Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. - Sputnik Аҧсны
Беларуссиа еснагь визада аиҭанеиааира иадгылаҩын

"Раԥхьа иргыланы арҭ аԥарақәа абиуџьет ахь инеиуеит. Иара убасгьы иара иалнаршоит Аԥсны ауааԥсыра аусурҭа ҭыԥқәа рыҭара", — иҳәеит Арӡынба.

Адгәыр Арӡынба дазааҭгылеит иахьа, Аԥсны шәҩыла атәымтәылауаа аус аныруа аҭыԥантәи ауааԥсыра усурҭада ишыҟоу.

"Иҟоуп агәынамӡара аазырԥшуа ҳтәылауаа. Урҭ аргыларатә усурақәа ирыдрыԥхьалом избанзар аусуратә мигрантцәа еиҳа имаҷны рџьабаахә ашәара алшоит. Сгәы иаанагоит иҳадаҳкылаз азакәан абри азҵаарагьы аҭышәныртәалара алшап ҳәа", — иҳәеит Арӡынба.

Иара далацәажәеит 2014-2015 шықәсқәа рзы Аԥсны аус зуаз аусуратә мигрантцәа атәыла ишалыргаз 700 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.

Арӡынба иазиԥхьаӡоит ԥхьаҟазы аусуратә визақәа алагалатәуп ҳәа. Адунеи атәылақәа реиҳарак рҟны уи аҩыза апрактика ахархәара амоуп.

"Ари азҵаара афинанстә ган ада ахылаԥшратә гангьы амоуп. Араҟа ицәырҵуеит агәабзиарахьчара азҵаарагьы. Иара убасгьы иара иалнаршоит атәылаҟны иҟоу ауаа еиҳа хылаԥшра рыҭара", — иҳәеит аминистр.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рзы аԥҟарақәа" инақәыршәаны 2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны иалагалахоит авизатә режим. Арахь иаҵаркхом Урыстәыла, Никарагуа, Тувалу, Аахыҵ Уаԥстәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0