АҞӘА, жәабран 19– Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Москваҟа ицара ахықәкқәа ртәы. Раԥхьа инаргыланы уи Аиқәшаҳаҭра хадеи иара иацлаз аиқәшаҳаҭра маҷқәеи рынагӡаразы аицәажәарақәа роуп, ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
"Ҳара ҳрылацәажәеит аекономикатәи афинанстәи зҵаарақәа иара убасгьы, аихамҩатә кредит, аҳәааҟны аҭагылазаашьа, ажәытәтәи ацҳа аартра, аенергетика уҳәа ирацәаны азҵаарақәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аԥсны иазоужьу урыстәылатәи афымцамч ахәԥса қарҭаа иршәоит, ҳәа ирылаҵәоу ажәабжь далацәажәо Ҳаџьымба иҳәеит уи аиаша ишақәымшәо.
"Ауҳәан-сҳәан азыӡырыҩра аҭахӡам. Ҳенергетика аҭагылазаашьа ҳәараданы иаҭахуп иаарласны аҭыԥ ақәҵара. Азхәыцра аҭахуп агенератор ҿыцқәа роужьра. Абри азҵаарагьы ҳалацәажәон. Агәра згоит иаарласны зегь шыӡбахо. Афымцатә ҳақәа ԥсахтәуп. Абраҟагьы ацхыраара ҳауеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган шазыхиоу инагӡаны ацхыраара ҳаҭара.
"Атәанчахәқәа ирыцырҵеит, абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы иацҵахоит. Абри азҵаарагьы аӡбра аиуеит", ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Ахада иҳәеит иара убасгьы Путини иареи шалацәажәаз Аԥсны аҩныҵҟатә паспортқәа рыла Урыстәыла алалара азҵаара.
"Ари азҵаара ықәгылоижьҭеи акырҵуан. Иаарласны апроблема аԥыххоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини реиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша, жәабран 18 рзы.