Аҩӡба: Владимир Ачба аԥсуаҩы абрендқәа равторцәа драԥхьатәин

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсҭазаара иалҵыз Владимир Ачба Аԥсны аҩыҟаҵарахь илагала атәы даҳзалацәажәеит ЗҲӘА "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владимир Ачба "Анаҟәаԥиа", "Лыхны", "Радеда", "Диоскуриа" реиԥш иҟоу аҩқәа дравторын. Абри атәы иҳәеит ЗҲӘА "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

Краснодартәи ақыҭанхамҩатә институт даналга ашьҭахь Владимир Ачба аусура далагеит Анапа ақалақь аҟны, ҩыҟаҵаҩыс. Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит.

Валери Аҩӡба иазгәеиҭеит Владимир Ачба ареспубликаҟны аҩыҟаҵара иџьабаа дуны ишаду.

"Аԥсныҟа данаа ашьҭахь аусура далагеит Гәдоуҭатәи аҩы зауад аҟны. Аамҭақәак рышьҭахь, 1971 шықәса рзы, диасуеит Аҟәатәи ауараш зауад ахь директорс. 1974 шықәса рзы аусура далагоит аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныҩыкомбинат" аҟны директор хадас", — иҳәеит Аҩӡба.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа уаҟа аус иуан.

"Аибашьра ашьҭахь иаԥҵахоит анаплакы "Аԥсныҩы". Нас, иара ашьаҭала – "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи". 2013 шықәсанӡа уаҟа аус иуан", — иҳәоит Аҩӡба.

Владимир Ачба диит еицырдыруа аԥсуаҩыҟаҵаҩ Николаи Ачба иҭаацәараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0