Ҳаџьымба: аихамҩатә кредит ҳхырхраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥигаз авизит аихшьаалақәа ирызкыз ибрифинг.
Атәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥигаз авизит аихшьаалақәа ирызкыз ибрифинг. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаарласны ҳалагараны ҳаҟоуп хаз иго абиуџьетникцәа ркатегориақәак рулафахәы ацҵара, иҳәеит атәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥигаз авизит аихшьаалақәа ирызкыз ибрифинг аҟны

АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Урыстәыла Афедерациа Ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит аихамҩатә кредит ҳхыхразы, иҳәеит атәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥигаз авизит аихшьаалақәа ирызкыз ибрифинг аҟны.

"Урыстәыла Афедерациа Ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит аихамҩатә кредит ҳхыхразы, агәрагара ҳамоуп азҵаара хра аманы иӡбахап ҳәа", азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иара убасгьы иҳәеит иаарласны хаз иго абиуџьетникцәа ркатегориақәак рулафахәы ацҵара ҳалагоит ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Владимир Путин дшазааҭгылаз аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа реиԥылара аилибакаара ацны иахьымҩаԥысуаз.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иофициалтә визити Урыстәыла Ахада Владимир Путин иԥылареи мҩаԥысит 2016 шықәса жәабранмза 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0