АҶА Кәыдрытәи аиҩхаа аҿы ишьҭоуп абахә аҟынтә икаҳаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны АҶА.
Аԥсны АҶА. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аиҩхаа аҿы, Ԥҭышь ақыҭа иахьаҵанакуа, абахә аҟынтәи дкаҳаит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара амаҵураҿы аҳәаахьчаратә отриад аҿы арра маҵура зхызгоз Зосҳан Царгәыш.

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Кәыдрытәи аиҩхааҿы абахә аҟынтә икаҳаз, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара амаҵураҿы аҳәаахьчаратә отриад аҿы арра маҵура зхызгоз Зосҳан Царгәыш, 10-ҩык аиқәырхаҩцәа иԥшаара иаҿуп, абри атәы ҳарҳәеит Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура ахада Мизан Ламиа иажәақәа рыла, АҶА аусзуҩцәа ирдыруеит Зосҳан Царгәыш дахьыҟоу аҭыԥ, аха асы рацәаны иахьышьҭоу иахҟьаны уи аҭыԥ ахь анеира даара иуадаҩуп.

Мизан Ламиа иажәақәа рыла, жәабран 23 асааҭ 12:30 рзы, АҶА ахь аацҳара ҟарҵеит, 18 шықәса зхыҵуаз аҳәаахьчаҩы Зосҳан Царгәыш абахә далҟьаны дкаҳаит ҳәа.

Аминистрра апресс-маҵзура излаҳанаҳәо ала, уи аҽны аҳаирпланла аҭыԥ иахыԥрааны игәаҭан.


Ажәабжьқәа зегьы
0