Амқәаб: астадион "Динамо" ианаамҭо ахархәарахь ирыҭахоит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб астадион "Динамо" аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уаҟа иалацәажәан аспорттә ргылара Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу FIFA иалам амилаҭтә командақәа рчемпионат адкылара иахьынӡазыхиоу атәы.

АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб астадион "Динамо" аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уаҟа иалацәажәан аспорттә ргылара Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу FIFA иалам амилаҭтә командақәа рчемпионат адкылара иахьынӡазыхиоу атәы. Аилацәажәараан Артур Амқәаб иҳәеит астадион ианаамҭоу ахархәарахь ирыҭахоит ҳәа.

"Иҟаҳҵоит, аха иара Акомплекстә план иаҵаркын, усҟан иагьыҟарҵар акәын. Апроект аекспертиза иахгамызт. Асеиԥш азнеира иашамызт. Иахьа исҳәарц исылшо акоуп – Аԥсны атәылауаа, шәара шәхарџьқәа рыла аҭыԥ иқәҵатәхоит", — иҳәеит Аԥыза-министр.

Астадион иамоу апроблемақәа ртәы аиҳабыра рхада изеиҭеиҳәеит астадион адиректор Баҭал Бараҭелиа.

"Амаҷқәа даара ирацәоуп, инагӡам иҵегь еиҳауп. Џьара ацәаакыра цәырҵуеит, џьара аӡыҭгага ыҟам, џьара аҽак агуп. Астадион ахаҭа зегь рыла ибзиоуп, аха абарҭ агхақәа рыриашарада иара ахаҿрагьы иаарласны еиҭаԥхасҭахот. Афинанстә цхыраара ада уи ҳара иҳалшо иҟам", — иҳәоит Бараҭелиа.

Футбол. Тренировка ФК Бавария - Sputnik Аҧсны
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат

Аилацәажәара иалахәын Аҟәа ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа. Ақалақь Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Елена Атепина дрылацәажәеит акоммуникациатә проблемақәа.

"Аҵеиџьқәа бгеит амашьына дуқәа рнеира ашьҭахь. Астадион акоммуникациақәагьы ақалақьтә коммуникациа абӷа иқәлеит. Ари зегьы аԥара иахьыԥшуп. Асмета аекспертиза иахҳажьит – 9 миллион мааҭ аԥара аҭахуп", — лҳәеит Атепина.

2015 шықәса абҵара 4 рзы Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҿкааратә еилакы иаднакылеит аӡбра FIFA амилаҭтә командақәа ирылахәым, ConIFA еиднакыло акомандақәа рчемпионат Аԥсны, 2016 шықәса лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 6 рҟынӡа амҩаԥгаразы.

Ажьырныҳәа 9 рзы италиатәи ақалақь Бергамо имҩаԥысит аҵәҭаԥсара, уи инақәыршәаны 12 команда ари ачемпионат рхы аладырхәуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0