АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik. Азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus, аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Азҵаарақәа ирылахәыз афранцыз респондентцәа рҟынтәи 72% иазырыԥхьаӡоит Ҭырқәтәыла ИГИЛ Сириа иҟанаҵо зегьы рганахьала ҽмырба ауеит ҳәа. Анемец респондентцәа рахьынтә 52%, америкатәи ареспондентцәа рҟынтәи 38%, англыз респондентцәа рҟынтәи 41% иазырыԥхьаӡоит атеррористцәа анефҭ аҭира рылшоит ҭырқәтәыла аиҳабыра уи рымбоушәа ахьыҟарҵо иахҟьаны ҳәа.
Германиа азҵаарақәа рҭакқәа еилнакааит аҭҵааратә еилакы Populus, Франциа – Ifop аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik азы.
Азҵаара "Ҭырқәтәыла ИГИЛ еиԥшу атеррористтә еиҿкаарақәа ирҿагыланы иқәԥоума?" аҭакс изазҵааз афранцыз респондентцәа 59% ирыԥхьаӡоит мап ҳәа. Ари ацифра Германиа абасеиԥш аҽашеит: ааи — 36%, мап —26%. Британиа ду аҟны: иақәшаҳаҭу 23% ыҟоуп, иақәшаҳаҭымгьы 23% ыҟоуп. ЕАШ: иақәшаҳаҭу 30% ыҟоуп, иақәшаҳаҭым 17% ыҟоуп
Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus, США, Британиа ду, Германиа рыҟны 2016 шықәса жәабран 3-4 рзи азҵаарақәа мҩаԥнагон. Франциа азҵаарақәа мҩаԥнагон аҭҵааратә еилакы– Ifop. Изызҵаауаз еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.
Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа. Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2014 шықәса, ԥхынгәымзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит британиатәи аҭҵааратә компаниа ICM Research. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵак ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.
Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.