АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Амаршрут Аҟәа-Ԥсҳәы ала иԥрыз АН-2 раԥхьатәи пассаџьырцәан хҩык ауаа ҳәа аанацҳауеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Сухум".
Асы шышьҭазгьы ареис ианаамҭаз имҩаԥысит.
"Апассаџьырцәа ираҳәан Ԥсҳәы аҳаирбаӷәаза аҟны асы шьҭоуп ҳәа, арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа. Аҳаирбаӷәаза шаадрыцқьаз еиԥш аҳаирплан ԥрит", ҳәа ҳарҳәеит аҳаирбаӷәаза аҟны.
"Ԥсҳәынтәи аҳаирплан иахьа ихынҳәыр акәын, аха аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны уаҵәоуп ианыхынҳәуа", — рҳәеит аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа.
Абилеҭ ахәԥса иартәоит 1200 мааҭ. Абилеҭқәа раахәаразы уадҵаалар алшоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Сухум" ашҟа. Аԥырра аамҭа 30 минуҭ инаӡоит.
Ашьхақыҭа Ԥсҳәы ауааԥсыра 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит, еиҳарак урысцәоуп. Ақыҭа Аҟәа араион иаҵанакуеит.
Ақыҭаҟны иҟоуп аҳаирбаӷәазеи агидроелектростанциеи. Аҭыԥантәи ауааԥсыра агаҟа илбаауеит шықәсык ахь знык, ҩынтә.
Ҭоурыхла Ԥсҳәы инхоз аԥсыуаан. Кавказтәи аибашьра ашьҭахь урҭ Ҭырқәтәылаҟа иахыҵит. Арҭ аҭыԥқәа ирхылеит аурыс монахцәа. Иахьагьы азеижәтәи ашәышықәса ахаҿра аныԥшуеит уа инхо рыбзазара.
Араҟа иахьагьы иубоит адольменқәа, абжьарашәышықәсатәи абаахыжәжәарақәа, ажәытә нышәынҭрақәа. Еицырдыруа Инал-Кәыбагьы Ԥсҳәоуп иахьыҟоу.