АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Жәабран 24 инаркны мызк ахь ҩынтә (амза аҩбатәии аԥшьбатәии амчыбжь аҩашамш азы) апассаџьыртә ҳаирплан еиманадалоит Аҟәеи Ԥсҳәи. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Сухум" адиректор хада Виачислав Ешба.
Ешба иазгәеиҭеит ахәԥса 1200 мааҭ шартәо, аамҭа 30 минуҭ шартәо.
"Альготақәагьы азыԥхьагәаҭоуп. Хәышықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа хәыда-ԥсада иныҟәыргалоит, иара убасгьы 10 кьылак рҟынӡа аидарагьы хәыда-ԥсадоуп", — иҳәеит иара.
Ешба иажәақәа рыла ҵыԥх Ԥсҳәыҟа аԥырра зҭахыз рхыԥхьаӡара иахьырԥшны ирыдыркылеит ари аӡбра.
Иара иҳәеит уахь ишыԥыруа АН-2.
"Аҳаирплан жәаҩык акуеит, 300 кьыла рҟынӡа аидара агоит", — иҳәеит Ешба.
Иара иазгәеиҭеит уаанӡа аҭахра аныҟоу шакәыз уахь ианыԥыруаз.
Иара убасгьы иҳәеит абилеҭқәа раахәаразы удҵаалар шалшо Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Сухум" ашҟа.
Ашьхақыҭа Ԥсҳәы ауааԥсыра 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит, еиҳарак урысцәоуп. Ақыҭа Аҟәа араион иаҵанакуеит.
Ақыҭаҟны иҟоуп аҳаирбаӷәазеи агидроелектростанциеи. Аҭыԥантәи ауааԥсыра агаҟа илбаауеит шықәсык ахь знык, ҩынтә.
Ҭоурыхла Ԥсҳәы инхоз аԥсыуаан. Кавказтәи аибашьра ашьҭахь урҭ Ҭырқәтәылаҟа иахыҵит. Арҭ аҭыԥқәа ирхылеит аурыс монахцәа. Иахьагьы азеижәтәи ашәышықәса ахаҿра аныԥшуеит уа инхо рыбзазара.
Араҟа иахьагьы иубоит адольменқәа, абжьарашәышықәсатәи абаахыжәжәарақәа, ажәытә нышәынҭрақәа. Еицырдыруа Инал-Кәыбагьы Ԥсҳәоуп иахьыҟоу.
АН-2 СССР-и Польшеи иҭрыжьуан, иахьа Китаи иҭрыжьуеит. Иааидкыланы 18 000 рҟынӡа ҭыжьуп.