Габлиа: Аҟәа ииашамкәа икыду аҩырақәа зегьы кыдххоит

© Sputnik Томас ТхайцукРуслан Габлиа
Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа излеиҳәаз ала, аҳҭнықалақь аҟны закәанеилагарала икыду аӡыргарақәа зегьы кыдххоит урҭ зтәу азакәан иақәшәо ианыҟарымҵа.

АҞӘА, жәабран 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь аҟны ииашамкәа икыду аҩырақәеи аӡыргарақәеи зегь кыдххоит, иҳәеит аҳҭнықалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа.

"Аҟәа ақалақь агәҭа иаҵанакуа амҩақәа зегьы ҳарнысит, ирацәоуп ииашамкәа иану, азин рымамкәа икыдырҵаз аҩырақәа, аӡыргарақәа. Урҭ кыдызҵаз ираҳҳәеит ирыԥсахырц азы, аха шамахамзар аӡәгьы дахамыҵгылеит", — ациҵеит уи.

Габлиа иажәақәа рыла, абри амчыбжь иалагӡаны ииашамкәа аҩырақәа кыдызҵаз ақьаадқәа рзыршоит мызкы иалагӡаны аҩырақәа дмыриашар ишкыдххо агәҽанҵара рызҭо.

"Ари ҳаӡбеит избан акәзар ҳахьнеилак, иҟашәҵо иашам, азакәан иақәшәом ҳәа ҳарҳәоит, ҿаӷәӷәала иҳацәажәоит. Аҿҳәара раҳҭоит, уи иалагӡаны аҩырақәа змырҽеиз ирдыруазар сҭахуп аҭакԥхықәра ишақәыршәахо", — азгәеиҭеит Руслан Габлиа. 

Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада излеиҳәаз ала, икыдххо аҩырақәа рзы ахәԥса зықәшәо урҭ кыдызҵо роуп.    

Аҩырақәеи аӡыргарақәеи ркыдҵара аан, аилагарақәа маҷымкәа иҟоуп.

"Аҟәа ақалақь ахадара аҟны азин ылымхӡакәа досу ииҭаху иахьиҭаху икыдырҵоит. Иара убас, аԥшшәы дара рхала иалырхуеит. Насгьы икыду аӡыргарақәа ахә рыхшәаатәуп, акыдҵаразы азин ылхтәуп. Абарҭ аԥҟарақәа рацәаны еиларгоит", — иҳәеит Габлиа.

Насгьы уи иазгәеиҭеит, амилаҭтә бызшәа азакәан аилагарақәа лассы-лассы ишуԥыло аҩырақәеи аӡыргарақәеи ранҵараан.

Ажәабжьқәа зегьы
0