Шамба: аполитикатә мчра ду аԥаҳҵоит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАполитикатә партиақәа реиԥылара.
Аполитикатә партиақәа реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатә партиақәа "Иаку Аԥсны", "Аԥсны жәлар рпартиа", "Аԥсны аекономикатә ҿиара апартиа", "Аԥсны акоммунисттә партиа", аиҿкаарақәа "Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа реидгыла", "Жәларбжьаратәи аусеицуратә фонд" рнапы аҵарҩит аусеицураз аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аполитикатә партиақәа "Иаку Аԥсны", "Аԥсны жәлар рпартиа", "Аԥсны аекономикатә ҿиара апартиа", "Аԥсны акоммунисттә партиа", аиҿкаарақәа "Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа реидгыла", "Жәларбжьаратәи аусеицуратә фонд" рнапы аҵарҩит аусеицураз аиқәшаҳаҭра. Аԥсны аполитикатә мчра ду аԥҵахоит иҳәеит абраҟа аполитикатә партиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы Сергеи Шамба.

"Ҳара атәыла анапхгарагьы рнапаҵаҟа ҳаҟам, аоппозициа анапаҵаҟагьы ҳаҟам. Ҳара ҳхатәы гәаанагара ҳамоуп. Аиаша ҳадгылаҩуп. Иаҭахны иҟалар, акритика аҟаҵарагьы ҳалшоит", — иҳәеит иара.

Шамба иажәақәа рыла аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аԥшьыргеит апартиақәа "Иаку Аԥсни" "Аԥсны аекономикатә ҿиара апартиеи".

Шамба иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵар шауа атәылаҟны иҟоу егьырҭ аполитикатәи ауаажәларратәи мчрақәагьы.

Сергеи Шамба - Sputnik Аҧсны
Сергеи Шамба ареспубликатә партиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩыс далхуп

"Ҳара, макьана иҭаҩым, аха ҳаидгыла иалазар зҭаху егьырҭ апартиақәагьы ҳрыҿцәажәоит. Агәыӷра сымоуп абри апроцесс еиҳа-еиҳа еиҳамхозар ишеиҵамхо азы", — иҳәеит иара.

Сергеи Шамба инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылаҟны аполитикатәи аекономикатәи ԥсахрақәа рзы аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз активла аусурақәа шымҩаԥырго.

"Аԥсны аекономикатә ҿиара апартиа" ахантәаҩы Беслан Быҭәба иазгәеиҭеит атәылаҟны ацентристтә мчқәа рыҟазаара шхымԥадатәиу.

"Аҳәынҭқарра Ахада аԥҵара даҿуп апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи раԥхьагылаҩцәа ахьеидикылаша аҭыԥ. Аха ҳара иҳамоуп агәаанагара – ҳара ҳаҩаӡарала иаҳаӡбаша ыҟоуп ҳәа. Ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп апарламенттә лхрақәа. Ҳара иааҳарԥшуеит апартиа ароль ареспубликаҟны аҵак ду аманы ишыҟоу. Уи ԥхьаҟагьы ирӷәӷәалатәуп", — иҳәеит Быҭәба.

Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азырхоуп ажәлар ракзаара, азеиԥш милаҭтә зҵаарақәа рыӡбра, аполитикатәи аекономикатәи ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәа рҭышәныртәалара.

Аганқәа еицәажәеит Аԥсны амилаҭтә акзааратә хеилак аԥҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0