Уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 12 тонна рҟынӡа амимоза

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза ргоит.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза ргоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳауеит аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аҳәаа ишахыго 125 тонна рҟынӡа амимоза

АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳауеит аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аҳәаа ишахыго 125 тонна рҟынӡа амимоза.

Амимоза аҟәшәара. - Sputnik Аҧсны
130 тонна амимоза Аԥсны аҳәаа иахыгоуп

Апресс-маҵзура аҳәамҭала атауар документла аиҿкаара аамҭа аркьаҿразы ахархәара аҭоуп адекларациа амҩаԥгара.

Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Денис Воронин иазгәеиҭеит анаплакыҩцәа ирмариоу аҳазалхратә декларациа активла рхы ишадырхәо.

Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа иазгәанаҭоит аҳазатә шәарақәа мҩаԥганы адекларациа знык ианхаурҭәаалак ишулшо атауар хәҭа-хәҭала аиагара.

Апресс-маҵзура иазгәанаҭоит Урыстәыла аԥсуа аалыҵ аганахьала зых иақәиҭу ахәаахәҭра арежим ахархәара шанаҭо.

"Арҭ атауарқәа рҟынтәи аҳазатә баџь ылырхуам. Ахархәара рымоуп аҩныҵҟатәи ашәахтәқәа рымацара" ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниа иазгәеиҭеит жәабранмзазы 131 тонна 768 кьыла аҳәаа ишахыго.

Ажәабжьқәа зегьы
0