Гогәуа: Владислав Арӡынба наунагӡа дԥызаны даанхоит

© Foto / предоставлено Сонером Гогуа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа.
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәараҿы дшынхаз атәы ҳзеиҭеиҳәеит

Сырма Ашәԥҳа

Сара сыԥсҭазаараҿы исхамшҭуа ахҭысқәа рацәоуп. Ҭырқәтәыла ҳанынхоз ҳаиҳабацәа реиҭаҳәамҭақәа рыла иаҳдыруан Апсны ҳәа аԥсадгьыл шҳамаз, ҳандуцәа ҳабдуцәа мчымхарала иахьықәцаз аԥсуа џьынџь дгьыл шыҟаз. Урҭ имырӡкәа, еиқәырхан иаҳзеиҭарҳәаз аҭоурых, хымԥада анырра ӷәӷәа ҳарҭеит. Ҳара ашкол ахь ҳанныҟәоз, аҵара ҭырқәшәала акәын ҳшахысуаз. Аԥсни ҳареи иҳабжьаз аимадара хьысҳан. Ҳазшаз разҟыс исиҭеит Аԥсныҟа саартә, сынхартә, сыԥсҭазаара сыԥсадгьыл аҿы имҩасыртә…

Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, Владислав Арӡынба аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы илиршаз  акырӡа  ирацәоуп. Ас еиԥш иҟаз ауаҩ хатәра данҳаԥха анаҩс ауп, дзыԥсаз еиҳагьы ианеилаҳкаа, иҟамзаара анаҳныр. Аԥсны адәныҟатәи, аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа ҳанахәаԥшуа, иҳамбарц залшом, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ иалганы, ҳхатә политика амҩаԥгара акыр ишыуадаҩыз.

Аха, амҩа ахыҵхырҭақәа ԥшааны, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи  ҳареи агәылеимабзиаратәи, аусеицзуратәи  еизыҟазаашьақәа азгәаҭаны, Владислав Григори-иԥа идырра ҳараки, иԥышәа ҵаулеи ирыбзоураны, Аԥсны аизҳазыӷьара амҩа ианылеит. Аԥсны аҭоурыхи, аԥсуа жәлари рзы, Владислав Арӡынба наунагӡа дԥызаны даанхоит. 

Сонер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Сонер Гогәуа: Схәыҷраахыс сыԥсадгьыли сареи ҳакны ҳаҟазар сҭахын

Владисла Арӡынба,  ажәлар рапҳьа игылаз аҳәынҭқарра Ахада иакән, аха ажәлар убриаҟара дырзааигәан, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ихы наигон, уизааигәаитәуан. Уи иҟазшьа аҷыдара бзиақәа иреиуаны исыдыскылоит. Ҳарҭ аԥсуаа ҳҵас, ҳқьабз, ҳкультура, ҳахдырра, даҽа милаҭк иаламҩашьо иҟоуп. Владислав Арӡынба, ҳагәҭыха, ҳгәырӷьара, ҳгәынамӡара уҳәа зегьы дырзыӡырҩыртә еиԥш, аамҭагь иԥшаауан, абжьгарагьы ҳаиҭон, уи азы аҭагылазаашьагьы ҳзаԥиҵон.

Адиаспореи, арепатриацеи рызҵаарақәа ҷыдала дрызнеиуан. Даара ацхыраара ахаҵгылара ҳаиҭон.  Иара имчалоуп, аибашьра анцоз аамҭазы,  рапҳьа ишеиҿкаахаз арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, еиҳабысгьы даман Нугзар Нури-иԥа Ашәба. Шәазхәыц, аибашьра цон, аҟазаареи аҟамзаареи ҳрыбжьагылан. Шаҟа уадаҩра ыҟаз, закәытә еидара хьанҭаз иҟәаҟәа иқәыз, аха иахьатәи амш мацара акәымкәа, уаҵәтәи аԥеиԥш лаша дазхәыцыртә, уи азы аусқәа мҩаԥигартә еиԥш агәаӷьреи, ахшыҩи, адырреи имаз шаҟа иҳаракыз.

Ҳаԥхьаҟатәи адемографиа аҭагылазаашьа аҵакы дазхәыцны, илиршеит абас еиԥш иҟаз ахеилак аԥҵара. Владислав Арӡынба, Ҭырқәтәыла, ҳдиаспора ахьынхо рҭаара, закәтә ҵакузеи иамоу?! Уи иуаажәлар рахь имаз агәыбылра, абзиабара, имҩаԥигаз аицәажәарақәа, ақәгыларақәа, ахааназы ҳдиаспора ргәы иҭынҵәом. Ҭырқәтәылеи Аԥсни ирыбжьаз аихатә гәашәқәа аатуа ианалага, уа инхоз аԥсуаа Аԥсны иадҳәалаз ажәабжьқәа, аҭоурых еиҳа еилыркаауа иалагеит.

Аха, рыԥсадгьыл иазкыз адырра наӡа рымамызт. Аԥсны раԥхьатәи аҳәынҭқарра ахада убра даннеи, абас еиԥш иҟоу ажәақәа реиҳәеит: "Аԥсны, ҳзеиԥш ԥсадгьылуп, ҳзеиԥш ҩнуп. Иахьанӡа, ҳара ахьчара ҳалшеит, уажәшьҭарнахыс шәара шәнапы ианаҳҵоит, абираҟ шәара шәнапаҿы ишәҳаркуеит".

Арҭ ажәақәа рҵакы, хымԥада иҳарҳәоз рацәан, иаҵаз ахшыҩҵакгьы ҵаулан. Зегь раԥхьа иргыланы, дуаҩ хатәран, даԥсыуан. Ҳҳәынҭқарра дауасхырын, ҳажәлар драԥхьагылан. Баша имҳәазаап аамҭаказы, ҳпоет ду Баграт Шьынқәба, абас еиԥш иҟаз ацәаҳәақәа: "Жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахит, иаԥсам дабаӡом!" Владислав Арӡынба, жәлар рыбзиабара даԥсахеит! 


Ажәабжьқәа зегьы
0