АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus иҟанаҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, иаанацҳауеит Америка атәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә 80% ирыԥхьаӡоит ИГИЛ иаҿагыланы иқәԥо амчрақәа ирхадоу ЕАШ (США) ауп ҳәа. Германиа, Урыстәыла, Британиа ду, Франциа роль абасеиԥш еихыршеит: 8%, 25%, 29%, 36%.
Азҵаарақәа мҩаԥган аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik рыҳәарала.
Азҵаара "ИГИЛ, Джебхат Ан-Нусра реиԥш иҟоу атеррористтә гәыԥқәа Шьамтәылан ирҿагылан ақәԥараҟны аԥыжәаратә роль змада?" аҭакс аҟынтәи Урыстәыла ауп ҳәа 36% ареспондентцәа ирыԥхьаӡоит, ЕАШ(США) ауп ҳәа —36%. Ахԥатәи аҭыԥ Франциа иарҭеит 25%.
Изызҵаау афранцызцәа рҟынтәи 32% ирыԥхьаӡоит ЕАШ(США) ауп ҳәа, Франциа (29%), Урыстәыла (23%), Ҭырқәтәыла абри аус аҟны рольк нанагӡоит ҳәа ирыԥхьаӡоит 2%.
Британиа ду атәылауаа абри азҵаара аҭак абас еихыршеит: ЕАШ (США) 59%, Британиа ду — 52%, Франциа —39%, Урыстәыла – 37 %.
ЕАШ(США), Британиа ду азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus 2016 шықәса жәабран 3 инаркны жәабран 4 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Германиа – аилак Forsa, (жәабран 3 инаркны жәабран 4 рҟынӡа), Франциа – iFop (жәабран 3 инаркны жәабран 5 рҟынӡа). Азҵаарақәа ирылахәын ареспондентцәа – Британиа ду, Еиду Америкатә Штатқәа, Германиа, Франциа рҟынтәи.
Изызҵаау еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.
Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа
Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.
Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.