Жәабран мзазы аԥҳәыс лҽырбгара Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иҭаҩым

© flickr.com / Tonya CookАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы Аԥсны ирыдыркылаз азакәан "Ани имиц ахәыҷи рыхьчаразы" азырхоуп ареспублика адемографиатә проблема аӡбра.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы Аԥсны ирыдыркылаз азакәан "Ани имиц ахәыҷи рыхьчаразы" азырхоуп ареспублика адемографиатә проблема аӡбра. Жәабран мзазы аԥҳәыс лҽырбгара Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иҭаҩым ҳәа адырра ҟанаҵеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Апарламент адепутатцәа аԥҳәыс лҽырбгара азин аԥырхит

Азакәан амчра аиуит 2016 шықәса жәабранмза 9 инаркны. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ареспубликаҟны инхоит 250 000-ҩык ауааԥсыра. 1994 шықәса раахыс Аԥсны иит 47 177-ҩык ахәыҷқәа, имҩаԥган 11 903 операциа аԥҳәыс лҽырбгара аганахьала.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҟны адырра шыҟарҵаз ала аҳәса рҽырбгаразы аҳақьымцәа ишрыдҵаалогьы ахәышәтәырҭақәа рҟны уи аҩыза адҵааларазы астатистика мҩаԥыргом.

2015 шықәса рзы атәылаҟны иҭаҩын 835 операциа, урҭ рҟынтәи 17 – амедицинатә рбагақәа ирхьырԥшын.

Ажәабжьқәа зегьы
0