АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара агуманитартәи асоциалтәи зҵаарақәа русбарҭа аиҳабы Елеонора Агрԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк аԥарашьҭаҵаҩцәа ркомпенсациатә шәарақәа рымҩаԥысшьа атәы. Лара лажәақәа рыла 2011 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа 8 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра ироуит 100 миллион мааҭ рҟынӡа акомпенсациа.
Лара илҳәеит акомпенсациақәа зауа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рымацара шракәу, аԥсуа тәылауаҩшәҟәы адагьы роура шзалымшо.
Елеонора Агрԥҳа 2016 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет ала акомпенсациақәа шрызшәахо 1970 шықәсанӡа ииз ауааԥсыра, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рҭаацәарақәа, урҭ рышьҭрақәлаҩцәа, 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа алахәылацәа, урҭ рышьҭрақәлаҩцәа, 1960 шықәсанӡа ииз атәылауаа рышьҭрақәлаҩцәа.
"2015 шықәса мшаԥымза 6 инаркны лаҵарамза 29 рҟынӡа имҩаԥысит аԥаралагалақәа аҵыхәтәантәи рҭаҩра. Уи иартәоит 21 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара", — азгәалҭеит Агрԥҳа.
Аԥсны Ахада Идҵа "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк аусура ахацыркразы ауснагӡатәқәа рзы" (1998ш.) инақәыршәаны, 1992 шықәса нанҳәамза 14 рҟынӡа аԥаралагала аганахьала Аҵәахырҭатә банк ауалԥшьақәа аҳәынҭқарра иауалуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
2003 шықәса мшаԥымза 1 инаркны 2004 шықәса ажьырныҳәа 20 рҟынӡа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк имҩаԥнагеит аԥаралагалақәа рҭаҩра.