Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа ахыбра ақә еиҭарҿыцхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи адәыӷбаангыларҭа.
Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа ахыб ажәытәтәи ақә ԥсахны аҿыц ақәырҵоит, аха иара шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара атәы аҳәара макьаназы изаацәоуп, иҳәеит Зураб Ҳаџьымба.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Иахьатәи аамҭазы Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа ахыб ажәытәтәи ақә ԥсахны аҿыц ақәҵара иаҿуп, аха иара шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара атәы аҳәара макьаназы изаацәоуп, иҳәеит Аԥсны аенергетикеи атранспорти рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба ҳкорреспондент длыҿцәажәо.

Иара иажәақәа рыла уажәазы Аԥсны архитектуреи ахылаԥшреи рзы аҳәынҭнаплакы азанаҭуаа ахыбра иагу иабзоу агәаҭара мҩаԥыргоит. Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратәи ахатәтәратәи еилаӡара ахархәара аиур шалшо аусурақәа рымҩаԥгараан.

"Ҳара апроект-сметатә документациа ашьақәыргылара ҳаҿуп авокзал аиҭашьақәыргылара нагӡаны амҩаԥгаразы. Иара убасгьы иазырхиоуп аплан авокзал аханатә ишыҟаз еиԥш аҟаҵаразы. Аинвесторцәа ҳаԥшаароуп. Макьаназы иҳалшо ҳаҿуп. Ахыб арҽеиразы атәыла аиҳабыра аԥара азоурыжьит. Настәи аамҭа иаҳнарбап, макьаназ еилкаам", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа вокзал ахыб аԥсахра мацара иартәоит 30 миллион мааҭ аԥара.

Аԥсны аенергетикеи атранспорти рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба иажәақәа рыла урыстәылатәи азанаҭуаа 2014 шықәса рзы авокзал шьаҭанкыла ишақәнагоу аиҭашьақәыргыларазы миллиард мааҭ аԥара аҭахуп ҳәа иақәырҵеит. Асеиԥш иҟоу аԥара ареспублика ашәара алшоны иҟам ҳәа азгәеиҭеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский вокзал.
Сухумский вокзал. - Sputnik Аҧсны
Сухумский вокзал.

"Урҭ ахәқәагьы ажәытәтәи ахәқәа рылоуп ишыԥхьаӡо. Уи аҟара аԥара ҳара аӡәгьы изҳаҭоны иҟаӡам. Сгәы иаанагоит еиҵоу ала ҳаилгап ҳәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Адәыӷбаангыларҭа авокзал дыргылеит 1951 шықәса рзы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аусура аанкылан, ахыбра шьҭаҵарҭак аҳасабала рхы иадырхәон. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраан иара ааха рацәа аиуит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рызгьы ахархәара аман иҟамызт.

Иахьатәи аамҭазы иара рымаҵ ауеит Аҟәа-Ԥсоу, Аҟәа-Очамчыра, Москва-Аҟәа, Санкт-Петербург-Аҟәа, Белгород-Аҟәа рхырхарҭала иныҟәо апоездқәеи аелектричка Адлер-Аҟәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0