АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Ахада заатәи иалхрақәа ирзырхоу ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәахьа, хәажәкыра 14 рзы ирыҭахоит анапаҵаҩратә бӷьыцқәа.
Аԥшьгаратә гәыԥ анапхгаҩы Даур Ҭаниа иажәақәа рыла анапаҵаҩрақәа хацыркхоит хәажәкыра 17 рзы.
"Иахьа инаркны анапаҵаҩрақәа реизгара азин шҳамоугьы, хәажәкыра 15-16 иахьырԥшны аамҭа ииагоит хәажәкыра 17 ахь", — иҳәеит Даур Ҭаниа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада заатәи иалхрақәа ирзырхоу ареферендум азакәан аҳәаақәа ирҭымҵуазароуп ҳәа.
"Ҳара ҳадгылаҩцәоуп азакәан ақәныҟәара. Ҳәарада, уи аҳәаақәагьы ҳарҭысуам. Агәыӷра ҳамоуп аганқәа зегьы усеиԥш рхы мҩаԥыргап ҳәа", — иҳәеит Ҭаниа.
Аԥшьгаратә гәыԥ аҳәынҭқарратә ҭаҩра анаиу арыцхә инаркны азин амоуп ԥынкылада анапынҵамҭақәа реизгара. Аамҭала анапынҵақәа реизгара ҩымз ирхыгамхароуп. Знапы аҵазҩыз рхыԥхьаӡара жәа-нызқьҩык иреиҵамхароуп.
Анапынҵақәа реизгара анхыркәшахалак аԥшьгаратә гәыԥ ишьақәнаргылоит ахыркәшаратә ԥкаанҵа. Аԥкаанҵа Ацентртә алхратә комиссиа аҳәынҭқарра Ахада иахь инанашьҭуеит. Иара дақәшаҳаҭхар, ирыдыркылоит ареферендум амҩаԥгаразы аӡбра.
2016 шықәса хәажәкырамза алагамҭаз аԥшьгаратә гәыԥ ААК (ЦИК) ахь арзаҳал нарышьҭит ареферендум амҩаԥгаразы. 2016 шықәса хәажәкыра 2 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа иазгәарҭеит иара амҩаԥгара ареспубликаҟны иуадаҩу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иахҟьоит ҳәа.