АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба иаҳзеиҭеиҳәеит Гагра араион акваториа иахьаҵанакуа аԥсыӡ акра атәы. Сынтәа аԥсыӡ акра еиҳа аилагарақәа амамкәа имҩаԥыргоит, ахылаԥшра еиҳа иарҭоит, иҳәеит Шамиль Аӡынба.
"Сынтәагьы уаанӡеиԥш асеинерқәа рыла аԥсыӡ ркуан, аха еиҳа еиҵани еиҳа хылаԥшра аҭани", — иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ.
Шамиль Аӡынба иазгәеиҭеит аилагарақәа рзы ахараԥсақәа шеиҳатәхо.
"Ҳара иаҳҭахуп ҽаантәи аԥсыӡкраамҭа аҽазырхиара. Аилагарақәа рзы ахараԥсақәа рыхә шьҭыхтәуп, аӷба арбаандаҩра аҟынӡагьы уи азҵаара иазхәыцтәуп", — иҳәеит Аӡынба.
Гагра араион ауааԥсыра рыхәҭак адҵа ҟарҵоит акваториа иахьаҵанакуа аԥсыӡкра зынӡа иааныркыларц.
"Атехника ду ахархәарада ауаа аԥсыӡ ркуа азин ҟарҵааит. Ас, хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡкра амшын абиомасса шеиҵанатәуа зегьы еицырдыруеит. Аекологиаз ишәарҭам атуризми аԥсшьареи еиҳа хра рыҭазар акыр еиӷьуп аресурсқәа рыҵшәаара аасҭа", — иҳәоит Лӡаа инхо атәылауаҩ.
Ҵыԥх, Гагра асасааирҭа "Абхазиа" аҿаԥхьа имҩаԥысит Гагра араион ауааԥсыреи Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәеи реиԥылара, Амшын Еиқәа аҭыԥантәи акваториа иахьаҵанакуа ааглыхратә ԥсыӡкра аҵыхәала. Ишьақәдыргылеит асеинерқәа акваториа иҭыргарц.
Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭеилакы адыррақәа инарықәыршәаны аԥснытәи акваториахь иҭалоит 110 нызқь тонна акамшьиа. Уи аҟынтәи 100 тоннак рҟынӡоуп зыкра ҟалоны иҟоу.