АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ҳаԥсуа литератураҿы еиҳарак апроза ҳаналацәажәо Алықьса Гогәуа иҟаиҵаз, илагала ахәшьара аҭара уадаҩуп, иҳәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ашәҟәыҩҩы имш иыра идныҳәало.
"Дырмит Гәлиеи, Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Гогәуеи — арҭ иреиҳаӡоу, зегьы иаарылаҳәҳәо иҟоу шьхақәоуп ҳдоуҳатә культураҿы. Алықьса Гогәуа ироманқәа, иажәабжьқәа, иповестқәа хьтәы нбанла ҳаԥсуа литература ианылеит. Раԥхьатәи иҩымҭа "Аӡиас ццакуеит амшынахь" ауп, уи инашьҭырхха иҭыҵыз ироманқәа "Аҽыкәаҳа", "Аси амацәыси", "Асду" арҭ реиԥш иҟоу аҩымҭақәа змоу амилаҭ доуҳала ибеиоуп, идууп. Алықьса Гогәуа уаҩык иаҳасабла, интиллигентк иаҳасабла хара ихәыцуа, даараӡа акыр зымчу иакәны даабоит. Ҳаԥсуа литература ас еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы дахьамоу уаҵәтәи амш ҳамоуп ҳәа иуԥхьаӡар ауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Анатоли Лагәлаа иажәақәа рыла, арҿиара знапы алаку зегьы Алықьса Гогәуа шәҟәыҩҩы дук иаҳасабала дшыршьоугьы, ҩызак иаҳасабла иизыҟоуп.
"Мчыбжьык знык-ҩынтә ҳанеиқәымшәо ыҟаӡам иареи сареи, ҳарҭ доуҳалагьы ҩызарылагьы ҳаизааигәоуп, аеишьцәа реиԥш ҳаихәаԥшуеит. Рапҳьатәи сажәабжь "Агәы абжьы" иара редакторс дызмаз ажурнал "Амцабз" х-номерк аҟны акьыԥхь аирбеит, убри аахыс сырҿиара дацклаԥшуеит, сажәабжьқәа реизга ашәҟәы аԥхьажәҩа иҩит. Ҩымҭа ҿыцк иманы аредакциахь данаҳзааилак ҳара ҳзы ныҳәоуп, избанзар ажәлар шазыԥшу ҳдыруеит",-ҳәа ациҵеит иара.
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы.
Алықьса Гогәуа ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп.
Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгертә, польсктәи, аболгартә, аиапониатә.
Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.