Мчыбжьык нхеит Стенин ихьӡ зху афотоконкурс ахь аусумҭақәа рынашьҭразы

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит даҽа мчыбжьык.

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Мчыбжьык нхеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа анрыдыркыло. Ахә-континентк рҿынтәи алахәылацәа ыҟоуп, убри ааны 60% аусумҭақәа аԥшшәы рымоуп.

Алахәылацәа ыҟоуп ЕАШ, Бразилиа, Перу, Австралиа, Урыстәыла, Британиа Ду, Германиа, Египет, Индиа, Китаи уҳәа ирацәаны атәылақәа рҟынтәи. Урыстәылантәи зхы алазырхәыз иҟоуп Калининградынтәи, Владивостокнтәи, Санкт-Петербургнтәи, Иошкар-олантәи, Волгограднтәи, Тиуменьнтәи. Аиндаҭлара рылахәразы азыҳәақәа рыдкылашьа атәы арбоуп асаит stenincontest.ru аҟны 2016 шықәса хәажәкыра 22 рҟынӡа.

Аиндаҭлара рхы аладырхәыр ҟалоит 18 шықәса инаркны 33 шықәса зхыҵуа зегьы.

Вывеска МИА Россия сегодня - Sputnik Аҧсны
Афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа реиндаҭлара

Еиду адирекциақәа Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодя" афотоинформациа адиректор Александр Штоль иҳәеит, "Ари аиндаҭлара даара ибзиоуп ахы аарԥшразы, хә-континентк рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа рацлабра. Алахәылацәа алшара рымоуп аизҳаразы. Сынтәатәи аиндаҭлара егьырҭ излареиԥшым, 60% афотосахьақәа аԥшшәы рымоуп".

Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа хәба рыла: "Моя страна", "Краски мира. Гармония жизни", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости" и "Спорт". 

Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иҳәаақәҵахоит номинациацыԥхьаӡа рҟны хԥа-хԥа ҭыԥ, иара убасгьы алкаара ҷыда "гран-при". "Гран-при" иартәоит 500 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.

Ажиури аилазаара иалахәуп: Ольга Свиблова, Мультимедиа Арт Музеи ашьаҭаркҩы, адиректор (Урыстәыла); Денни Пакен, амаҵзура The Associated Press афотомаҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ (Еиду Америкатә Штатқәа); Чжен Веи, ажәабжьтә маҵзура "Синьхуа" афотоинформациатә департамент адиректор (Китаи); Альдо Мендики, италиатәи афотоҭыхыҩ, аиндаҭларақәеи асеминарқәеи реиҿкааҩ (Италиа) убас егьырҭгьы.

Аиндаҭларазы адырранҵа:

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2016 шықәса рзы имҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo.

Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟоуп: аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG). Аусхкытә информациатә партнерцәа рыҳасабала аиндаҭлара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".


Ажәабжьқәа зегьы
0