Ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны аушьҭырҭақәа еиҵатәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАқырҭуа-аԥсуа ҳәаа.
Ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аӡбра аднакылеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҟны аус зуа аушьҭырҭақәа еиҵатәтәуп ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥшьаша, хәажәкыра 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны аӡбра аднакылеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҟны аус зуа аушьҭырҭақәа еиҵатәтәуп ҳәа.

Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи ԥшьганктәи аиҿцәажәарақәа рхацыркра иалацәажәоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава иажәақәа рыла ақәҵара инақәыршәаны аушьҭырҭатә пунктқәа "Ҭаглани" "Лакәымҳареи" аныҟәарақәа рзы иаркхоит ҳәа.

2012 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит ақәҵара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҟны аушьҭырҭатә пунктқәа фба аус руларц.

2015 шықәса алагамҭа инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысразы иаанкылоуп 2400-ҩык ауаа, аҳәаахьчаратә режим аилагаразы – 150-ҩык ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0