00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Григори Гаидар иан: сыҷкәын абара далагеит, адунеи аинтерес изаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГригори Гаидар.
Григори Гаидар. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қәҿиарала имҩаԥган Григори Гаидар иизыҟарҵаз аоперациа, иара иарыӷьарахьтәи ила акатаракта аман.

АҞӘА, хәажәкыра 18  — Sputnik, Анжелика Бениа. Жәа-мз зхыҵуа Григори Гаидар қәҿиарала иизыҟаҵан аоперациа, иара иарыӷьарахьтәи ила акатаракта аман, абри атәы Sputnik  акорреспондент илалҳәеит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахаҭарнак Мактина Џьынџьалԥҳа.

Григори иан Анастасиа Пилиева лажәақәа рыла, аоперациа ф-сааҭк иреиҳаны ицон. Григори иарыӷьарахьтәи ила ацәцаш ԥсахын. Иқәра макьана иахьмаҷу иахҟьаны хәыҷык ҳицәшәон, аха зегьы маншәаланы имҩаԥысит.

"Аоперациа мҩаԥыргеит жәабран 26 рзы. Арҭ рҩызцәа аоперациақәа 30-40 минуҭ имҩаԥыргоит, аха иара иҿы ианыҟарҵоз иадхалеит, ацәцаш амхра хәыҷык иуадаҩхеит", — ҳәа лҳәеит ан.

 Анастасиа Пилиева излаҳалҳәаз ала, рашәрамзазы илабара аиӷьтәразы еиҭа дгатәуп, анаҩсан аҳақьымцәа ирҳәоит илабара аҭагылазаашьа зеиԥшрахо атәы.

Григори Гаидар - Sputnik Аҧсны
Аа-мза зхыҵуа Григори ацхыраара иҭахыуп

"Иара иаразнак еиҳа деиҭаҵуа далагеит, ҭыԥк аҿы дтәаӡам. Рызегьы аинтерес изрыҵоуп. Ибзиангьы иаҳауа далагеит, рашәарамзазы аблабара аиӷьтәразы еиҭа ҳцароуп, анаҩс аҳақьымцәа иблақәа 100% ирбалоит, ҳара асеиԥш иҟалоит ҳәа ҳақәгәыӷуамызт. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ацхыраара ҟазҵаз зегьы. Сыҷкәын иахьа дыччоит, уи еиҳау иахьазы иҟаӡам сара сзы", — лҳәеит ан.

"Ашана" ахаҭарнак Мактина Џьынџьалԥҳа излаҳалҳәаз ала, иахьазы ахәыҷы иарыӷьарахьтәи ила 15%  ауп иахьабо.

"Уамак ҵуам ҳара аоперациа азы аԥареидкылара хацҳаркиижьҭеи, иахьа ахәыҷы аоперациа қәҿиарала иизыҟарҵеит аблатә чымазаракәа рзы аҭҵааратә институт Гельмгольц ихьӡ зху аҿы", — лҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Жәа-шықәса зхыҵуа Григори Гаидар аҭаацәараҿы аԥшьбатәи хәыҷуп, агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареидкылара иалагеит ажьырныҳәамзазы. Жәабранымзазы иара аоперациа изыҟаҵан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0