Ҳаџьымба арезервистцәа рҽазыҟаҵарақәа ахә ҳаракны ишьеит

© Sputnik Роберт ДжопуаҲаџьымба арезервистцәа рҽазыҟаҵарақә ахә ҳаракны ишьеит
Ҳаџьымба арезервистцәа рҽазыҟаҵарақә ахә ҳаракны ишьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи 7-тәи ахысратә бригада арезервистцәа Ҵабал рҽазыҟаҵара даҭааны ибеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Арезервистцәа аус рыцура иацҵатәуп, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь.

"Сара иахьа избеит ҳәоуеиқәшәала аусура шымҩаԥгаз. Ахысрақәа иаҳдырбеит арезервистцәа рхымҭа аҵәҟьа ақәыршәаша шырдыруа, аӷа иҿагыларагьы шрылшо. Сгәы иаанагоит урҭ рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа нарыгӡеит ҳәа. Ҳара егьырҭ архәҭақәагьы абас иазыҟаҳҵалар ауп", — ациҵеит уи.

Аҽазыҟаҵаратә хысрақәа раан ахархәара рызун артилериеи авиациеи. Авиациа аиҳабы Адгур Гәымба ишазгәеиҭаз ала, арратә вертолетқәа апилотцәа, ааигәа аҵара хзыркәшаз роуп.

"Авертолетқәа рпилотцәа акыр иқәыԥшуп, 25 шықәса роуп ирхыҵуа, урҭ ааигәа урыстәыла аҵара иалганы иааит. Иахьатәи русура ахә ҳаракны исшьоит", — азгәеиҭеит уи.

Аҽазыҟаҵаратә хысрақәа рхы аладырхәит 130-ҩык арезервистцәа. Аԥсны арбџьарымчқәа рминистрра рыӡбарала, аҽазыҟаҵарақәа шықәсыкахь ҩынтә имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0