Европеи ЕАШи ртәылауаа аекономика каҳаит ҳәа иазырыԥхьаӡоит

© AFP 2023 / PHILIPPE HUGUENАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus, аҭҵааратә еилакқәа Forsa, iFop иҟарҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит Франциа атәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә 59% ирыԥхьаӡоит атәылаҟны аекономикатә ҭагылазаашьа еицәахеит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus, аҭҵааратә еилакқәа Forsa, iFop иҟарҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит Франциа атәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә 59% ирыԥхьаӡоит атәылаҟны аекономикатә ҭагылазаашьа еицәахеит ҳәа. Азҵаарақәа мҩаԥган аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik рыҳәарала.

Франциа атәылауаа рҟынтәи аекономикатә ҭагылазаашьа еиӷьхап ҳәа изыԥхьаӡо, изазҵааз рҟынтәи 5% роуп иҟоу, аекономикатә ҭагылазаашьа аҽамԥсахит ҳәа изыԥхьаӡо — 33% ыҟоуп.

Изызҵаау америкауаа рҟынтәи аиӷьхарақәа ыҟоуп ҳәа 34% ирыԥхьаӡоит, Британиа ду атәылауаа рҟынтәи усеиԥш ирыԥхьаӡоит 27%. Германиа атәылауаа рҟынтәи атәыла аекономика ашәарҭара иҭагыламкәа избо, аекономика аҽамԥсахит ҳәа изшьо 58% ыҟоуп, аекономика еицәахеит рҳәоит — 22%, аекономика еиӷьхоит ҳәа ирыԥхьаӡоит 17%.

© Sputnik Агәаанагарақәа
Агәаанагарақәа - Sputnik Аҧсны
Агәаанагарақәа

ЕАШ(США), Британиа ду азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus 2016 шықәса жәабран 3 инаркны жәабран 4 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Германиа – аилак Forsa, (жәабран 3 инаркны жәабран 4 рҟынӡа), Франциа – iFop (жәабран 3 инаркны жәабран 5 рҟынӡа). Азҵаарақәа ирылахәын ареспондентцәа – Британиа ду, Еиду Америкатә Штатқәа, Германиа, Франциа рҟынтәи.

Азҵаараҭараҿы рхы аладырхәит: Британиа ду 1047-ҩык ареспондентцәа, ЕАШ 1004, Германиа 1002, Франциа 1499.

Изызҵаау еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0