Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Константин Озган иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Константин Озган.
Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Константин Озган. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, ареспублика абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 77 шықәса дшырҭагылаз, акраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, ареспублика абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 77 шықәса дшырҭагылаз, акраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны.

Аԥсны абыргцәа Рхеилак алахәыла Аполлон Думаа иазгәеиҭеит Константин Озган иԥсҭазаара далҵит ҳәа аҩаша, хәажәкыра 22 рзы.

"Акьыбачымазара ихьуан. Акыршықәса игәамбзиара даҿагыланы дықәԥон. Урыстәыла, Израиль ҽыхәышәтәра ҳәа дцахьан. Ааигәоуп Москвантәи даныхынҳәыз", — иҳәеит Думаа.

Ашәахьа, хәажәкыра 21 рзы иара абыргцәа Рхеилак ахьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп иахьа ареспубликаҟны иҟоу аҭагылазаашьа ауаажәларратәи ауаажәларратә-политикатәи еибарххарақәа шцәырырго.

"Ауаажәларра рыбжьара иҟоу аиҟәшара аҭыԥ ақәҵара атәыла анапхгара роуп знапы иану. Анапхгароуп ажәлар идзырбаша аидгылара, аилибакаара. Ҳара ҳара иаҳҳәо ҳаҳауазароуп, ҳаилибакаауазароуп", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Озган иазиԥхьаӡон ареферендум амҩаԥгара абри апроцесс адгылаҩцәеи аҿагылаҩцәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа еиҳагьы иаруадаҩуеит ҳәа.

Константин Озган диит лаҵарамза 15 1939 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. 1978-1989 шықәсқәа рзы ареспубликаҟны имҩаԥысуаз аполитикатә процессқәа зегьы дрылахәын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәразы иара иусура дамхын. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Константин Озган Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аекономика аминистрреи напхгара риҭон, Ашәахтә маҵзура ахантәаҩыс дыҟан,Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс далхын. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика абыргцәа Рхеилак дахагылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0