АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьарази" аботаника Аинститути ареспублика Ақыҭанхамҩа аминистрреи имҩаԥыргеит акциа – 74 қыҭа ҭаацәара 40-50 шьаҭа ашәыреиҭаҳатәқәа рзыршеит.
Аботаника Аинститут иазгәарҭеит аиҭаҳатәқәа шықәсы ҩышықәса рыла аҿалара ишалаго.
"Ҳара ҩышықәса зхыҵуа аиҭаҳатәқәа ҳшеит. Урҭ иаарласны ашәыр рҿалоит. Дара рацәак аџьабаа рыдбалатәым. Аԥснытәи аҳауа иашьцылоуп", — иҳәеит аинститут аусзуҩы.
Кәтол ақыҭан инхо, фҩык ахәыҷқәа ран Лариса Абрыскьылԥҳа илҳәеит аҩны дышнеилак аиҭаҳара нап шалыркуа.
"Адгьыл азырхианы иҟоуп. Аҩны ҳашнеилак ауҭрахь ҳхы ҳархоит. Даара агәахәара ҳарҭеит иҟарҵаз. Аџьырмыкьаҟны 200-250 мааҭ иреиҵам аиҭаҳатәқәа рыхәԥса", — лҳәеит лара.
Абасала, заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа 12 000 мааҭ рҟынӡа рхашәалеит.
Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" адиректор лажәақәа рыла аиҭаҳатәқәа ршара иалагаанӡа хылаԥшра ззыруа аҭаацәарақәа адырра рырҭеит. Изҭахыз рсиа ҟарҵеит.
Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ахаҭарнак Кадыр Аргәын иазгәеиҭеит аиҿаара ақыҭа ашьҭыхра гәҭакны ишамоу.
"Ҳара еилаҳкааит арҭ аҭаацәарақәа ушьҭан рхы иахәартә еиԥш ауп ацхыраара шырзулатәу", — иҳәеит иара.
"Кьараз" ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит ԥхьаҟа арҭ аҭаацәарақәа ироуз аҳамҭа ахархәара шарҭо. Ламысла иныҟәаз ԥхьаҟагьы аус рыцрулоит.
Ауаажәларратә гәыҳалалратә Фонд "Кьараз" шьаҭаркуп 2015 шықәса мшаԥымзазы. Аиҿкаара аусура хацнаркит аволонтиортә акциақәа рыла Facebook адаҟьақәа рҟны. Иахьазы аусура мҩаԥнагоит ақыҭатә хадарақәеи ауаажәларратә активистцәеи дареи анырра рыбжьаҵаны. Ииасыз ашықәс азы дара еиҿыркааит акциақәа: "Агәы аԥхарра", "Инасыԥу цәыббра 1", "Ассир ҳамҭас".
Шықәсыктәи русурала "Кьараз" ҩышә ҭаацәара рҟынӡа ацхыраара рырҭеит.