00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Ишԥацо агрипп азы алаҵақәа рыҟаҵара аус: аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилаҳкаауеит
13:45
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Посредник
Принят госбюджет на 2026 год: расскажем на что он направлен
14:17
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҭаниа: ареферендум азы 11-нызқь напы аҵаҩуп

© Sputnik Роберт ДжопуаАоппозициа алидерцәа Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа ирԥылеит.
Аоппозициа алидерцәа Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа ирԥылеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициа алидерцәа Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа ианырԥылоз ирҳәеит атәыла Ахада изаамҭанытәим иалхразы ашәҟәқәа знапы рыҵазҩыз уи аганахьала амзызқәа рбоит ҳәа

АҞӘА, хәажәкыра 25 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аоппозициа алидерцәа Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа ианырԥылоз ирҳәеит атәыла Ахада изаамҭанытәим иалхразы ашәҟәқәа знапы рыҵазҩыз уи аганахьала амзызқәа рбоит ҳәа. Мчыбжьык аҩныҵҟала ареферендум азы 11-нызқь напы аҵаҩуп иҳәеит Даур Ҭаниа.

Ареспублика Апрокуратура хада. - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада ареферендум азы анапаҵаҩра аилагарақәа гәанаҭоит

"Анапаҵаҩрақәа реизгарақәа хацҳаркит хәажәкыра 17 рзы. Иахьазы еизгоуп 11 786. аусурақәа мҩаԥысуеит Аԥсны ахы-аҵыхәа иахьаҵанакуа, Гал араион аалхны. Уи араион алаҳхит избанзар аҭагылазаашьа нагӡаны еилкаам. Ацәажәарақәа ҟамларц азы", — иҳәеит Ҭаниа.

Дарбанызаалак знапы аҵазҩыз ихатәы мзыз имоуп ҳәа азиԥхьаӡоит иҳәоит Афонд "Аԥра" ахада Аслан Бжьаниа.

"Иҟоуп дыржьеит ҳәа зыԥхьаӡо, иҟоуп 12 шықәса зхыҵуа ҳаиҟәшара аҭыԥ иқәҵахоит ҳәа игәыӷуаз", — иҳәеит Бжьаниа.

Иара иахьатәи атәыла анапхгара русура акритика азуны дцәажәеит. Еиқәиԥхьаӡеит еиуеиԥшым аҿырԥшқәа ареферендум амҩаԥгара иаҵаҵӷәны иибо. Хаҭала, 2014 шықәса рзы атәыла ахадарахьы акандидатцәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра.

"Акандидат Ҳаџьымба иаԥшьгарала анапы аҵаҩын Аԥсны аиҳабыра аиҿкаара аформа. Аиҳабырақәа ҩба еиҿыркаахьеит, аха аиқәшаҳаҭра иақәшәо акәымкәа. азҵаара ҟасҵар сҭахуп – ҳауаажәларгьы ҳаргьы атәыла иахьатәи Ахада иҟазаара ҳзақәшаҳаҭхари иара иҟаиҵо зегь мцызар. Абри азымхоны ижәбома?", — иҳәеит Бжьаниа.

Иара убри аамҭазы Аԥсуа радиоеилахәыра аиҳабы иаҭара, Очамчыра-Аҟәа амҩаду аҟаҵара ахацыркра уҳәа ибзиоуп ҳәа рхиҳәааит.

2016 шықәса хәажәкырамза алагамҭаз 46-ҩык злахәыз аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны Алхратә комиссиахь инаргеит арзаҳал атәыла Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы ареферендум амҩаԥгаразы. Уи, дара атәылаҟны аполитика-уаажәларратә ҭагылазаашьа аицәахара иадырҳәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0