Ареферендум аԥшьгаҩцәа: ауснагӡатә закәанмҩала ицароуп

© Sputnik Илона ХварцкияАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаа ирымоуп алшара рнапы зҵарыҩуа абӷьыцқәа рдырра, урҭ рхала ирыӡбоит рнапы аҵарҩырц рҭаху ирҭахыму, рҳәеит ареферендум амҩаԥгара аԥшьгаҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 25 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Анапаҵаҩра амҩаԥгараан атәылауаа активла рхымҩаԥгара акырӡа иҳаракуп, ԥаршеирыла акеиҿкаара аҭахны иҟам, иҳәеит ҳкорреспондент диҿцәажәо аԥшьгаратә гәыԥ анапхгаҩы Даур Ҭаниа.

"Ҳара, ареферендум аԥшьгаҩцәа, аҽаӡә иаасҭагьы иаҳҭахны ҳаҟоуп имҩаԥааго ауснагӡатә цқьаны, лацәажәара аҭахымкәа иҟаларц. Ауаа ирымоуп алшара рнапы зҵарыҩуа абӷьыцқәа рдырра, урҭ рхала ирыӡбоит рнапы аҵарҩырц рҭаху ирҭахыму. Апрокуратура хада уи аилкаара аԥхьаӡозар мап ацәаҳкуа ҳаҟам", — иҳәеит иара.

Ҭаниа иазгәеиҭеит анапаҵаҩраз ирыдыргало ашәҟәбӷьыцқәа аԥсышәалеи урысшәалеи ихарҭәаауп. Зегьы еилыркаартә иҟоуп.

Аоппозициа алидерцәа Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа ирԥылеит. - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа: ареферендум азы 11-нызқь напы аҵаҩуп

"Сгәы иаанагоит Апрокуратура хада азин амоуп ҳәа иаҭаху акомиссиақәа аԥнаҵарц. Амала, оумашәа иаабо, Апрокуратура хадеи атәыла анапхгареи ҳтәылауаа рҵара-дырра азымхошәа ахьырбо ауп. Анапаҵаҩраз ирыдыргало ашәҟәбӷьыцқәа аԥсышәалеи урысшәалеи ихарҭәаауп. Зегьы еилыркаартә иҟоуп", — иҳәеит Ҭаниа.

Анапаҵаҩрақәа реизгарақәа хацҳаркит хәажәкыра 17 рзы. Иахьазы еизгоуп 11 786 напынҵа.

2016 шықәса хәажәкырамза алагамҭаз 46-ҩык злахәыз аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны Алхратә комиссиахь инаргеит арзаҳал атәыла Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы ареферендум амҩаԥгаразы. Уи, дара атәылаҟны аполитика-уаажәларратә ҭагылазаашьа аицәахара иадырҳәалоит.

Ахаша, 2016 шықәса хәажәкыра 23 рзы Апрокурор хада ирылеиҳәеит акомиссиа ҷыда шаԥҵахо ауснагӡатә амҩаԥысшьа азакәанмҩа зеиԥшроу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0