АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik. Аҧсны атеатртә сцена амастерцәа актиор иҧсҭазаараҟны атеатр ароль атәы еиҭарҳәоит, рзанааҭ иадҳәалоу ахҭысқәа ирзааҭгылоит, иара убас иалыркаауа апиесақәа рҟынтәи ацыҧҵәахақәа ирыҧхьоит, абри зегьы еиҿкаауп жәларбжьаратәи атеатр амш — хәажәкыра 27 аҽны иоужьыз аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи еиҿыркааз авидеопроект ҿыц аҟны.
Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.
Аҧсны аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ишазгәалҭаз ала апроект ахықәкы — ахәаҧшыҩ қәыҧшцәа атеатр ахь радҧхьалара ауп.
"Авидеопроект аҟны еизгазаауеит актиорцәа еиуеиҧшым аинтерес зҵоу атеатр иадҳәалоу ажәабжьқәа, урҭ бзиа ирбо арольқәа ирыхцәажәоит, азанааҭ акәамаҵамарақәа ирзааҭгылоит, ажәакала ахәаҧшыҩ изыҳәан ицәыргам, аха аинтерес зҵоу аинформациа цәыргахоит. Атеатралтә ҟазара абзиабаҩцәа ари авидеопроект ҿыц узыршанхо ицәгьоу, аха аинтерес зҵоу атетралтә ҧсҭазаара агәылаҧшра алшара рынаҭап ҳәа ҳақәгәыӷуеит", — ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсны анапхгаҩы Инал Лазба иажәақәа рыла, амаҵзура анышьақәгыла раҧхьатәи амшқәа инадыркны Аҧсны акультуратә ҧсҭазаара иацклаҧшуеит, хаҭала атеатр аҧсҭазаара иазааҭгылоит.
Sputnik Аҧсны адаҟьақәа рҟны аҧхьаҩ ибартә алшара имоуп атеатрқәа рыпремиератә қәгыларақәа, ҳәа инаҵшьны иазӷәеиҭеит Лазба.
"Иахьатәи аамҭазы ҳҳәынқарраҟны иумбар залшом атеатр ахь аинтерес аизҳара ишаҿу, ҳара ҳапроект ала уи аинтерес ахәаҧшыҩ ҿарацәа рыбжьара аизырҳара ҳҭахыуп. Аҧсуа актиорцәа рыхәмарреи, зхаҭабзиара ҳараку аинформациеи рыбзоурала Аҧсны атеатрқәа рзалқәа рыҟны ахәаҧшыҩцәа рнапеинҟьабжьқәа еиқәтәаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит уи.
Апрект автор, апродиусер Амина Лазԥҳа лажәақәа рыла, апроект ''Атеатри аҧсҭазаареи'' аҧхьаҩцәа Аҧсны атеатр апроблемақәа рахь рхьарҧшра иазкуп. Аҭыхрақәа раан актиорцәа изныкымкәа ирҳәахьан, иахьатәи ахәаҧшыҩ хыҧхьаӡарала дышхьысҳау, уи лгәаанагарала апроблема амзызқәа рацәоуп, ихадоу урҭ рахьтә — аибашьра.
"Иахьазы зегь реиҳа ихадоу ашколхәыҷқәа атеатр ахь агәыбылра дырктәуп, аиҳабацәа атеатр ахь рыбзиабара еиҭа ирҿыхатәуп. Ҳажәлар ртеатралтә ҟазареи акәама-ҵамарақәеи роуп аҧсуаа ҳхаҿра аарҧшраҟны крызҵазкуа ахәҭа, ирыцҳарахаз, иахьатәи аамҭазы уи аглобализациа ахарала аконтур аҧсахра иаҿуп", — лҳәеит Амина Лазԥҳа.
Адунеи зегь аҟны иазгәарҭо атеатр амш — атеатр аусзуҩцәа рзы жәларбжьаратәи профессионалтә ныҳәоуп, уи амш есышықәса хәажәкыры 27 рзы иазгәарҭоит. Ари амш мҩаҧыргоит адевиз: ''Атеатр ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи аизааигәатәреи иамаругоуп" ала.
Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит.