00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа
13:30
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
14:47
13 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:04
8 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:04
8 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ацәыргақәҵа "Аҵасқәа" Аҟәа иаатит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАконкурс
Аконкурс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылазегьтәи афбатәи аконкурс иалахәуп Липецктәи ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школи Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәеи.

АҞӘА, хәажәкыра 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хәажәкыра 26 рзы Аҟәа иаатит Урыстәылазегьтәи афбатәи аконкурс Липецктәи ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школи Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәеи злахәу.

"Липецктәи асахьаҭыхратә школи ҳареи аимадарақәа ҳамоижьҭеи акырҵуеит. Лассы-лассы Аԥсныҟа иаҳзаалоит. Русумҭақәагьы ҳцәыргақәҵатә зал аҟны иқәҳаргылалоит", — лҳәеит Ахәыҷтәы рҿиара Аҩны "Аинар" аиҳабы Нонна Ԥлиаԥҳа. Аҟәа иаатыз аконкурс иалахәуп Липецки Аԥсни рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа.

© Sputnik,Бадрак АвидзбаАрхивное фото конкурса художников
Архивное фото конкурса художников - Sputnik Аҧсны
Архивное фото конкурса художников

"Ара даара иԥшӡарроуп. Сара сзы Аԥсны аҟазаара даара акраанагоит. Ара иааукәыршан иҟоу зегьы ҭухыр уҭаххоит", — лҳәеит Софиа Бубуркина.

Лара иазгәалҭеит аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазара аҽакы ишаламҩашьо.

Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны итәаны рус иаҿын. Ажәҩан иалышәшәоз ақәарыцқәагьы рԥырхаганы иҟамызт.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаКонкурс
Конкурс - Sputnik Аҧсны
Конкурс

"Ушьҭан санаауа сҭаацәагьы аазгоит. Ара иугәамԥхаша акы ыҟам", — лҳәоит Наталиа Булгакова

Хәажәкыра 30 рзы иаатраны иҟоуп ацәыргақәҵа ду, аконкурсантцәа русумҭақәа зегьы ахәаԥшцәа ирызцәыргахоит.

"Сара уаанӡа еиуеиԥшым аконкурсқәа схы рыласырхәхьеит. Иахьа теманы иалысхит Аԥсуа драматә театр ахыбра аҭыхра. Архитектура аганахь ала иара даара исгәаԥхоит", — лҳәоит аԥсуа сахьаҭыхыҩ қәыԥш Камаҷыҷ Ламиаԥҳа.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаКонкурс
Конкурс - Sputnik Аҧсны
Конкурс

Аусумҭақәа ирылыркаауа аԥхьахәқәа ранашьахоит. Аконкурс мшаԥымза 1 аҟынӡа имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0