00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа астоматологиатә цхыраара роулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАстоматологиатә цхыраара ахәыҷқәа рыҭара
Астоматологиатә цхыраара ахәыҷқәа рыҭара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа уажәшьҭарнахыс астоматологиатә цхыраара хәыда-ԥсада ироулоит актәи артодонттә центр Rideamus аҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа уажәшьҭарнахыс астоматологиатә цхыраара хәыда-ԥсада ироулоит актәи артодонттә центр Rideamus аҟны, ҳәа ҳалҳәеит ацентр аҳақьым Кристина Ҭарԥҳа.

"Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа астоматологиатә цхыраара хәыда-ԥсада рыҭара аидеиа анҳау ашьҭахь Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ахь ҳадҵаалеит. Урҭ асеиԥш иҟоу аҭаацәарақәа рдыруеит", — лҳәеит Ҭарԥҳа.

Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа уажәшьҭарнахыс астоматологиатә цхыраара хәыда-ԥсада ироулоит исистемаркны.

"Ацикл хацыркхоит иахьа инаркны. Сгәы иаанагоит акыр ихәарҭахап ҳәа. Мызк аҩныҵҟа ес-сабша аклиникаҟны ахәыҷқәа рыдыркылалоит", — лҳәеит лара.

"Шықәсык ала шәҩык рҟынӡа рыцхраара ҳалшоит. Ҳгәы еизнарҳауеит ҳара раԥхьатәиқәа ахьҳакәу асеиԥш зыӡбаз" ҳәа азгәалҭоит Ҭарԥҳа.

Лара убасгьы дазааҭгылан иазгәалҭеит ари шус дуу еизҳауа ахәыҷқәа ргәабзиаразы.

© Sputnik, Томас ТхайцукДети на лечении у стоматологов
Дети на лечении у стоматологов - Sputnik Аҧсны
Дети на лечении у стоматологов

"Сара ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп афонд "Кьараз" иҟанаҵо аус ԥшьа азы. Ҳара Гәылрыԥшь араион аҟынтәи ҳааит, фҩык ахәыҷқәа аагеит. Урҭ рыбжьара иҟоуп ҩыџьа сара схәыҷқәа ҳара ҳзы ари акыр иаԥсоуп", — лҳәеит Асида Асланӡиаԥҳа.

Афонд адиректор Кама Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла актәи аетап иаҵаркхоит Аҟәа араион ахәыҷқәа иара убасгьы Гәылрыԥшь араион ахәыҷқәа.

"Аԥхьа Аҟәа ааигәа-сигәа иҟоу ахәыҷқәа ҳхәышәтәлоит. Ақыҭақәа рҟынтәи иаагалартә еиԥш макьаназ аҭагылазаашьа ҳамам. Аха агәра згоит уигьы ҳалҳаршап ҳәа", — лҳәоит лара.

Лара убасгьы иазгәалҭеит астоматологиатә клиника "Маридентгьы" ацхыраара шыҟанаҵоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0