Акредитқәа ырхынҳәтәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит акредитқәа рырхынҳәра апроблема абанк ишалымшо азинхьчаратә органқәа рыцхыраарада.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба атәыла Апрокурор хада Алексеи Ломиа инапы ианиҵеит ирхынҳәым акредитқәа рхылаԥшра, ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла 2016 шықәса хәажәкыра 1 азы Аԥсны ирхынҳәым акредитқәа ишьақәдыртәоит 1,272 миллиард мааҭ.

"Акоммерциатә банкқәа роперациатә хархәага хадақәа иреиуоуп аҳәынҭқарратә ԥара. Аха зламыс цқьам ауаа акредитқәа аныдмырхынҳәуа акоммерциатә банкқәа рыдагьы ааха аиуеит Амилаҭтә банкгьы", — иҳәеит Ҳаџьымба абанк система апроблемақәа ирызкыз аилацәажәараҟны.

Абри аан Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит акредитқәа рырхынҳәра апроблема абанк ишалымшо азинхьчаратә органқәа рыцхыраарада.

"Акредитқәа згаз зегьы ирдыруазароуп аԥарақәа шырхынҳәтәу. Ирдыруазарц сҭахуп урҭ шырхынҳәхогьы", — иҳәеит атәыла Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0