Асад: Шьамтәыла аурыс базақәа гылазароуп ашәарҭадараз

© Фото : пресс-служба президента Сирии Башара Асада / SputnikШьамтәылатәи Ахада Башар Асад.
Шьамтәылатәи Ахада Башар Асад. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Ахада иазгәеиҭеит итәыла аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змоу урыстәылатәи арратә базақәа рымацара шракәу.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Шьамтәыла аурыс базақәа гылазароуп ашәарҭадараз адагьы иааидкылан адунеи аҟны абаланс ашьақәыргыларазгьы, иҳәеит Шьамтәыла Ахада Башар Асад.

"Шьамтәыла аурыс базақәа гылазароуп ашәарҭадараз адагьы иааидкылан адунеи аҟны абаланс ашьақәыргыларазгьы. Мраҭашәара аполитика амԥсахыцт. Иара иаҭаху иарбанызаалак жәларбжьаратәи аӡбрақәа рыдкылараҿы аԥыжәара амазаароуп. ООН иалымшеит адунеи аҟны аҭынчра ахьчаҩ ироль анагӡара", ҳәа азгәеиҭеит Асад.

Иара убри аан иазгәеиҭеит Дамаск шақәшаҳаҭу урыстәылатәи абазақәа мацара рыдгьыл аҟны ргылара. "Сара зыӡбахә сымоу Урыстәыла заҵәык ауп", — иҳәеит иара.

Шьамтәыла, 2011 шықәса хәажәкырамза инаркны бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара мҩаԥысуеит. Абри аамҭала иҭахахьеит 220 000-ҩык ауааԥсыра.

2015 шықәса цәыббра 30 рзы Шьамтәыла Апрезидент иҟаиҵаз аҳәарала ИГИЛи "Джебхат ан-Нусреи" робиектқәа риехсра иалагеит Урыстәылатәи аҳаиртә мчрақәа. 2016 шықәса хәажәкыра 15 рзы урҭ рнапынҵақәа нагӡоуп ҳәа азырыԥхьаӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0