Гульнара Терзиан: зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГульнара Терзиан.
Гульнара Терзиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гульнара Терзиан аоперациа лзыруит Новосибирсктәи НИИ ТО аҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Исыцхрааз зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, лҳәеит Гульнара Терзиан ҳҭыхратә гәыԥ анылҭаа.

Гульнара лгәырӷьара ҳәаа амам. Агәра лгоит лҩызцәа зегь реиԥш дҟалап ҳәа.

Уажәы аҩны дыҟоуп. Ацхыраара илоуз алҵшәақәа дырзыԥшуп.

"Гулиа макьаназ дгылар, дныҟәар ҟалом, ахал лара насыԥ лыманы лхы лбоит. Аҭыԥантәи ахәыҷтәы ортапед иахь дныҟәоит. Иаарласны лшьапы дықәгылап ҳәа дгәыӷуеит", — рҳәеит Афонд "Ашана" аҟны.

Афонд аҟны ҳара иҳарҳәеит ахәыҷы лыцхырааразы 500 000 мааҭ шеизгаз.

Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашана есышықәсатәи аҳасабыртәатә еизара. - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" 2015 шықәсазтәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит

"Аклиникаҟны даара ибзианы иаҳԥылеит. Аколлектив рҟазара ҳаракуп. Еиҭа аҽа ҩ-операциак мҩаԥгатәуп", — лҳәоит Гулиа ланду Ҭамара Терзиан.

11 шықәса зхыҵуа Гулиа Гагратәи аерман школ аҟны аԥшьбатәи акласс аҿы дтәоуп. Лара амузыкатә школ аҟнгьы аҵара лҵоит. Бзиа илбо амаҭәарқәа иреиуоуп аԥсуа бызшәа. Лҩызцәа рацәак дахьреиԥшым лгәы шылнархьуагьы ԥхьаҟа зегь маншәалахап ҳәа дгәыӷуеит.

Афонд "Ашана" аҟны ирҳәеит ахәыҷы аоперациа лзура Аԥсны иалшомызт, аха аҭаацәа рматериалтә ҭагылазаашьа ауадаҩра иахҟьаны Афонд ахь идҵаалеит ҳәа. Гульнара лани ландуи роуп дзааӡо, длымоуп а-9-тәи акласс аҟны аҵара зҵо аиашьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0