Амцаԥшьхәаҷа аҿагылара нымҵәаӡацт

© Sputnik Томас ТхайцукАшыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа.
Ашыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымш-хымш рыҩныҵҟала Аԥсны аиҩхаақәа зегь рҟны имҩаԥгахоит аҵиаақәа аус рыдулара хәшәыркрала иҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.

АҞӘА, мшаԥы 1 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Ҩымш-хымш рыҩныҵҟала, авиациа ахархәарала Аԥсны аиҩхаақәа зегь рҟны имҩаԥгахоит амцаԥшьхәаҷа аԥырхага зызнауз аҵиаақәа аус рыдулара хәшәыркрала, иҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.

Иара иажәақәа рыла аус адулахоит 1,5 нызқь гектар иахьаҵанакуа. Ҵыԥх ахархәара аҭан адельтаплан, аха уи рацәак хра аманы иазымҩаԥгомызт аусурақәа, убри азы сынтәа аверталиот рхы иадырхәараны иҟоуп.

Аԥхаррақәа анааҟала, аӡын азы ицәаз ахәаҷа аҿыхара иалагоит иҳәеит Ҷыҭанаа.

"Ахархәара змоу ахәшә "Димилин" 35-40 мшы рҟынӡа аус ауеит. Зныктәи аусурақәа азымхар, аҽазныкгьы имҩаԥгахоит", — иҳәеит аеколог.

Ашьхарахь макьанагьы уаацәшәартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам. Иара убри аан иазгәаҭатәуп аҳауа ахьшәашәареи асы илеизи ахәаҷа ишаԥырхагамхаз.

Роман Дбар: Аԥсны аекосистемаҿы амцаԥшьхәаҷа аԥсабаратә ӷацәа цәырҵит

"Аӡынтәи ахьҭақәа ахәаҷа ԥырхага арымҭеит. Иаразы ҳара ҳаӡын шәарҭаӡам", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Ашыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа Аԥсны иаанагеит 2012 шықәса рзы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рзы Китаитәи ашыц шьаҭақәа урҭ ирылан ари амаҵагьы.

Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьа-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0